ААР (МИД) аушьҭырҭатә ҭыԥқәа раркра алацәажәара аҭахӡам ҳәа азгәанаҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа реилазаара
Аминистрцәа реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит НАТО ахаҭарнак Оана Лунгеску Аԥсны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа адмыркырц азы Аԥсны анапхгарахь аҳәара иҟалҵаз.

АҞӘА, хәажәкыра 2– Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аӡбрала аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны Набакиеи Отобаиеи роушьҭырҭатә ҭыԥқәа аркхоит. Аха иара убри аан ақыҭа Папынырхәаҿ иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥи ЕгрыГЕС амаҵ ауразы ҷыдала рхы иадырхәо аушьҭырҭатә ҭыԥи русура иацырҵоит.

Аушьҭырҭатә ҭыԥқәа Бгоура (Отобаиа) Батаигәара (Набакиа) раркразы Аԥсны анапхгара иаднакылаз аӡбра ареспублика азакәанԥҵара иақәшәоит, уи аӡбра аиҭахәаԥшра аҭахны иҟаӡам ҳәа азгәаҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз ахҳәаа.

Аҳәаанырцәтәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла ахаҭарнак хада Федерики Могерини - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР (МИД): Могерини лажәақәа цәгьацәыԥхамшьароуп

Жәабран 28 рзы НАТО аофициалтә хаҭарнак Оана Лунгеску Аԥсны аҳәара азыҟалҵеит арҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа адмыркырц азы. Лунгеску иазгәалҭеит: "Арҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа раркра аҭагылазаашьа дыруадаҩуеит, ауаа реиҭанеиааира ԥнакуеит, рыбзазара иҵоурам анырра анаҭоит", ҳәа. Аминистрра иазгәанаҭеит 2012 шықәса ԥхынгәы 10 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара арҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа аамҭалатәиқәа ракәны ишаанартыз.

Дара аус рулар акәны иҟан аушьҭырҭатә ҭыԥ хада "Егры" аинфраструктура еиҿкаахаанӡа, иахәҭоу мыругала еиқәыршәахаанӡа. Арҭ ауснагӡатәқәа азырхоуп аԥсуа-қырҭуа ҳәаа адунеижәларбжьаратә стандартқәа ирықәшәо аиҿкаара, аиҳаракгьы Гал араион аҟны инхо ауааԥсыра ршәарҭадаразы еиԥш Аԥсны ауааԥсыра зегьы рызгьы.. иарбанызаалак азинқәа аркьаҿуаны иҟам Аминистрцәа Реилазаара аӡбара» ҳәа аҳәоит ахҳәааҟны.

Аминистрра иазгәанаҭоит: "Аҩада Атлантикатәи алианс аҟны ирыӡбазар ҟалоит Аԥсны аҽазныкгьы ақәыӷәӷәара арҭарц" ҳәа.

Асеиԥш ахымҩаԥгашьа Аԥсны ашәарҭадара ҵнашәаауеит ҳәа иахәаԥшуеит адәныҟаполитикатә усҳәарҭаҟны. Аминистрра аҽазныкгьы ааԥхьара ҟанаҵоит НАТО назлоу адунеижәларбжьаратә еиҿкаарақәа рахь Қырҭтәыла исуверентәу аҳәынҭқарра шаԥну азхарҵарц, иҟоу аҭагылазаашьа ишыҟоу еиԥш ирыдыркыларц.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аӡбрала аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны Набакиеи Отобаиеи роушьҭырҭатә ҭыԥқәа аркхоит. Аха иара убри аан ақыҭа Папынырхәаҿ иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥи ЕгрыГЕС амаҵ ауразы ҷыдала рхы иадырхәо аушьҭырҭатә ҭыԥи русура иацырҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0