Аԥсны ААР (МИД): Могерини лажәақәа цәгьацәыԥхамшьароуп

© AFP 2023 / THIERRY CHARLIERАҳәаанырцәтәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла ахаҭарнак хада Федерики Могерини
Аҳәаанырцәтәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла ахаҭарнак хада Федерики Могерини - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР (МИД) аҟны аҭак арҭеит аҳәаанырцәтәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла ахаҭарнак хада Федерики Могерини лажәақәа. Могерини агәҭынчымра лызцәырнагеит Аԥснытәи аган аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны аушьҭырҭатә пунктқәа Бгоуреи (Отобаиа) Батаигуареи (Набакеви) раркра гәҭакны иахьамоу.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазгәарҭеит аҳәаанырцәтәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла ахаҭарнак хада Федерики Могерини лҳәамҭа цәгьацәыԥхамшьароуп ҳәа. Могерини агәҭынчымра лызцәырнагеит Аԥснытәи аган аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны аушьҭырҭатә пунктқәа Бгоуреи (Отобаиа) Батаигуареи (Набакеви) раркра гәҭакны иахьамоу.

"Евроеидгыла ахаҭарнак лҳәамҭа цәгьацәыԥхамшьароуп. Уаанӡа лара изныкымкәа илзынаҳашьҭхьан Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵра аԥкырақәа рымоуп, уи дара ргуманитартә зинқәа аркьаҿуеит ҳәа зҳәоз аофициалтә шәҟәы. Аха уи лара зхьаԥшра дук алымҭеит", ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Аҳәамҭаҟны иазгәаҭоуп асеиԥш Аԥсны атәылауаа рганахь ала адискриминациа амҩаԥгара зырцыхцыхуа Қырҭтәыла амчрақәа шракәу. Иара убасгьы иҳәоуп жәларбжьаратәи адипломатиатә практикаҟны аныҟәаратә документқәа раҳасабала амилаҭтә тәылауаҩшәҟәқәа рхархәара. Урҭ ООН ишалахәылацәамгьы ахәҭакахь ала иазхаҵазар.

"Могерини илзынаҳашьҭыз ашәҟәқәа рҭак ҳәа ҳоуит. Уи иунарбоит европатәи аофициалтә структурақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра апроблемақәа ишырзыҟоу", ҳәа азгәанаҭоит аминистрра.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аӡбрала аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны Набакиеи Отобаиеи роушьҭырҭатә ҭыԥқәа аркхоит. Аха иара убри аан ақыҭа Папынырхәаҿ иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥи ЕгрыГЕС амаҵ ауразы ҷыдала рхы иадырхәо аушьҭырҭатә ҭыԥи русура иацырҵоит. Жәабран 25 рзы аҳәаанырцәтәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла ахаҭарнак хада Федерики Могерини аҳәамҭа ҟалҵеит аушьҭырҭатә-ҭыԥқәа раркра «агәҭымчымра» шлызцәырырго азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0