Ансамбль "Гагрыԥшь" Аҟәа аконцерт мҩаԥнагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Гагрыԥшь"
Ансамбль Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит ахареографиатә ансамбль "Гагрыԥшь" аконцерт.

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысит ахареографиатә ансамбль "Гагрыԥшь" аконцерт. Аконцерт мҩаԥган апроект "Агәалашәара амҩақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Апроект рызкуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи аибашьраҿ иҭахаз ранацәеи лҳәеит ансамбль администратор Раиса Арсҭааԥҳа.

Ахәыҷтәы ансамбль Гагратәи аҟазара ашкол аҟны еиҿкааужьҭеит хә-шықәса ҵуеит. Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩыс дыҟоуп Ҭенгьиз Какәбаа.

Апроект "Агәалашәара амҩақәа" аҳәаақәа рҭагӡаз раԥхьатәи аконцерт мҩаԥган Нальчик.

Ансамбль "Гагрыԥшь" инанагӡон кавказтәи акәашарақәеи аурыс кәашарақәеи. Ансамбль аҟны икәашо рықәра 3 — 14 шықәса иҟоуп. Аномерқәа ирылахәуп 80-ҩык рҟынӡа акәашацәа.

Ансамбль аиҵбыратә гәыԥ адефиле иалахәын. Ахәаԥшцәа идырбан апроект азы ҷыдала иаԥҵаз амилаҭ маҭәа. Аколлекциа автор ансамбль администратор Раиса Арсҭааԥҳа лоуп. Азал аҟны иҟан агәыҳалалратә фонд "Ашана" зхылаԥшуа ахәыҷқәагьы. Урҭ рзы акәашацәа қәыԥшқәа инарыгӡеит акәашара ҿыц.

Ахәаԥшҩы Инга илгәаԥхеит акәашарақәа реиԥш рцәамаҭәагьы.

"Артистцәа хәыҷқәа рцәамаҭәа оумашәа иԥшӡан. Даара исгәаԥхеит", — лҳәеит лара.

Ахореографиатә студиаҿ аҵара рҵоит 150-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0