Шамба: Гәдоуҭа араион аҟны аӷьычрақәа еиҵахеит

© Sputnik Томас ТхайцукГәдоуҭа
Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Апрокурор Едуард Шамба 2016 шықәсазтәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит Аԥсны Апрокуратура хада Аколлегиаҟны.

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион Апрокурор Едуард Шамба 2016 шықәсазтәи аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит Аԥсны Апрокуратура хада Аколлегиаҟны. Аҳасабырбаҟны Шамба иазгәеиҭеит 2015 шықәса иаҿырԥшны аӷьычрақәа рхыԥхьаӡара шеиҵахаз.

Аԥсны Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ: гәыԥлатәи ацәгьоурақәа рацәахеит

"Ари угәы иаахәаша ҭагылазаашьоуп", — иҳәеит Шамба.

Гәдоуҭа араион апрокурор иара убасгьы иҳәеит ари ахыԥхьаӡарахь ишаҵанакуа атуристцәа рганахь ала имҩаԥгаз ацәгьоурақәагьы. Аиҳаракгьы – амашьына ԥҽны атуристцәа рмазара аҭыгара. Аихшьаалақәа ҟаҵо Шамба иҳәеит 2016 шықәса рзы ацәгьоурақәа раарԥшра аусгьы адинамика аманы ишыҟоу (64-65 %).

Ацәгьоура хьанҭақәа раарԥшра аганахь ала аҭагылазаашьа аҽакуп, иҳәеит апрокурор. Иара иажәақәа рыла уи мзызны иамоу аоперативтә маҵзура аусура алаҟәроуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0