00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
14:44
11 мин
Дополнительное время
Международный туринир по баскетболу памяти С. Багапш в 15-й раз проходит в Абхазии
14:55
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Фазиль Искандер дыргәаладыршәеит Гагра

Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩ ду Фазиль Искандер 88 шықәса ихыҵра иазкыз агәалашәаратә стол гьежь мҩаԥыргеит Гагра.

ГАГРА, хәажәкыра 7 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра ақалақь акультура аҩнаҟны имҩаԥган, апоет, ашәҟәыҩҩы, афилософ Фазиль Абдул-иԥа Искандер 88 шықәса ихыҵра иазкыз агәалашәаратә стол гьежь.

Фазиль Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәсазы Аҟәа ақалақь. Ихәыҷра шықәсқәа ихигеит иан лқыҭан Џьгьарда, аԥхьаҩцәа иара рдыруеит Чегьем ҳәа.

Фазиль Искандер иҩымҭақәа рахьтә иаарылукааратәы иҟоуп "Сандро из Чегема", "Созвездие Козлотура", "Чик иажәабжьқәа", "Софичка" уҳәа.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ажиури ахантәаҩы: Искандер ихьӡ зху апрема аиуразы 50 усумҭақәа раҟара ыҟоуп

Фазиль Абдул-иԥа ианашьоуп алитературатә премиақәа жәпакы, урҭ иреиуоуп СССР аҳәынҭқарратә премиа, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә премиа, Пушкин ихьӡ зху апремиа.

2002 шықәсазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба Фазиль Искандер ианеишьеит "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара.

Астол гьежь аусура хацыркын апоет минуҭктәи аҿымҭрала игәаларшәарала.

Уи рхы аладырхәит Гагра араион акультура аҟәша аиҳабы Ҭенгьиз Габуниа, акультура аҩны аиҳабы Венера Чагәааԥҳа, апоетесса Белла Барцыцԥҳа, аҟазаратә школ адиректор Белла Кәакәасқьырԥҳа, Саида Махариаԥҳа, Алиас Канџьариа, араион аҵара аҟәша аусзуҩцәа, абиблиотекақәа рхаҭарнакцәа.

Ҭенгьиз Габуниа иқәгылараҟны иазгәеиҭеит, Фазиль Искандер Аԥсны аҟазара аҿиаразы алагала ду шыҟаиҵаз.

"Фазиль Искандер дҭоурыхтә хаҿсахьаны даанхоит. Ашәҟәыҩҩы хьӡи-ԥшеи изаазгаз арҿиамҭақәа раӷьырак Аԥсны иазкуп. Урҭ раԥҵашьа астиль аӡәы итәы еиԥшым. Апоет дыҩуан аԥсышәалеи урысшәалеи. Убри алагьы иаԥҵамҭақәа аԥхьаҩцәа адныԥхьалон", — ҳәа ациҵеит Габуниа.

Фазиль Искандер пату ду иқәын иуаажәлар рыҩнуҵҟа. Убри инамаданы, Гагра араион акультура аҟәша аиҳабы Ҭенгьиз Габуниа иахәҭаны иазиԥхьаӡоит, апоет ихьӡ рыхҵаразы амҩадуқәа, ашколқәа уҳәа.

Апоетесса Белла Барцыцԥҳа илҳәеит иара гәык-ԥсыкала Аԥсни аԥсныжәлари бзиа ишибоз. Раԥхьатәи иажәеинраалақәагьы апоет иаԥиҵеит аԥсуа бызшәала, урҭ хымԥада акырӡа дырхыҽхәауан", — ҳәа инаҵылшьит лара.

Ԥхынгәы 31 2016 шықәсазы ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара далҵит. Фазиль Искандер иҟамзаара ицәыӡ духеит ҵҩа змамыз иҟазара абзиабаҩцәеи, иара иҟазшьа наалеи знырхьази, пату иқәызҵози рзы.

Фазиль Искандер ибзоурала Аԥсны Урыстәыла амацара акәымкәа егьырҭ адунеи атәылақәа жәпакы еицырдыруагьы иҟалеит.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер ихьӡ хьтәы нбанла ианылоит адунеитә литература аҭоурых адаҟьақәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0