Кәарҷиа: аҭыԥхьыӡқәа баҟак аҳасаб ала аҳәынҭқарра иахьчалар ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Жәлар Реизара абызшәатә политикеи адемографиеи реилак ахада Валери Кәарҷиа
Аԥсны Жәлар Реизара абызшәатә политикеи адемографиеи реилак ахада Валери Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара абызшәатә политикеи адемографиеи реилак ахада Валери Кәарҷиа арадио Sputnik Аԥсны иеиҭаз аинтервиу аҟны иҳәеит ақыҭа Арсаул ахьӡ Приморское ҳәа аԥсахра дшадымгыло.

АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҭыԥхьыӡқәа баҟак аҳасаб ала аҳәынҭқарра иахьчалар ауп, иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара абызшәатә политикеи адемографиеи реилак ахада Валери Кәарҷиа арадио Спутник Аԥсны иеиҭаз аинтервиу аҟны.

Аԥсны ажәытә ҭыԥхьыӡқәа реиқәырхара хықәкы хаданы иҟазар ауп аҳәынҭқарра азы ҳәа иԥхьаӡоит аҵарауаҩ.

"XIX ашәышықәсазы, ҳажәлар хҵәаны рыԥсадгьыл ааныжьны имцар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟалеит. Убри ашьҭахь атәым милаҭ рацәаны Аԥсны иқәнагалеит, ҳқыҭақәа рыхьыӡқәа ԥсахны дара рыхьыӡқәа арҭо иалагеит. 1917 шықәсанӡа Аԥсны анхарҭа ҭыԥқәа рыбжеиҳарак рыхьыӡқәа ԥсахын", — иҳәеит уи. 

Уи иажәақәа рыла, Нестор Лакоба ихаан акомиссиа еиҿкаан ахьыӡқәа рышьақәыргылара азыҳәа.

"Абри азҵаара еилаԥаҭахьан, иҟан аурыс, ақырҭуа, аболгар. Иара асовет аамҭазыҳәа, 1955 шықәсанӡа ақырҭқәа анхарҭа ҭыԥқәа агеографиатә ҭыԥқәа 300 инареиҳаны ахьыӡқәа дара ртәала ирыԥсаххьан. Ари ҳажәлар даара рыгәҭыхақәа арҵасит, зныкымкәа, ҩынтәымкәа аизара дуқәа мҩаԥыргеит", — иҳәеит уи.

1947 шықәсазы, Гьаргь Ӡиӡариа, Баграт Шьынқәба, Константин Шьаҟрыл Асовет Еидгыла ахадара ашҟа ирҩыз ашәҟәы дара изҩыз рзыҳәа ишәарҭан аха иргәаӷьит, иҳәеит уи.

Аԥсны Жәлар Реизара абызшәатә политикеи адемографиеи реилак ахада Валери Кәарҷиа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Ари ашәҟәаҿы даара акразҵазкуа акәын аҭыԥхьыӡқәа Аԥсны рҭагылазаашьа. Шәышықәса аҩнуҵаҟа ала, Аԥсны атопонимика иузымдыруа аҟынӡа аҽаԥсахит", — азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Арсаул Приморское ахьӡ иазыхынҳәырц Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыбжьы рҭиит хәажәкыра хԥа рзы имҩаԥыргаз аилатәараҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0