АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра рыӡбрала аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны иҟаз аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи ҩба раркра инадҳәаланы Қырҭтәыла иҟанаҵо аҽазышәарақәеи Аԥсны анапхгарахь иҟарҵо ааԥхьарақәеи ҵаҵӷәы рыманы иҟам ҳәа азыршьоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.
"Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа назлоу Қырҭтәыла атәыла-ҩызцәа рахь аҳәара ҟаҳҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа ирыҵаркуа азҵаарақәа рганахь ала абжьахәаахәҭрақәа шаҭахым. ЕАШ (США) Адәныҟаполитикатә усбарҭа аҳәамҭа иҟанаҵаз аҟны зыӡбахә ҳәоу Женеватәи аиҿцәажәара акәзар, иазгәаҳҭоит уаҟа аҭагылазаашьа ҵызшәаауа Қырҭтәыла апозициа шакәу", ҳәа арбоуп Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҟны.
Иара убасгьы аминистрра азааҭгылеит ЕАШ (США) аҳәынҭқарратә Департамент апресс-маҵзура иҟанаҵаз аҳәамҭагьы. Аҳәамҭаҟны иазгәаҭан аԥсуа-қырҭуа ҳәааҟны аушьҭырҭатә ҭыԥқәа раркра агәҭынчымра цәырнагоит ҳәа.
2012 шықәса ԥхынгәы 10 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара арҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа аамҭалатәиқәа ракәны иаанартит. Дара аус рулар акәны иҟан аушьҭырҭатә ҭыԥ хада "Егры" аинфраструктура еиҿкаахаанӡа, иахәҭоу мыругала еиқәыршәахаанӡа.
Арҭ ауснагӡатәқәа азырхоуп аԥсуа-қырҭуа ҳәаа адунеижәларбжьаратә стандартқәа ирықәшәо аиҿкаара, аиҳаракгьы Гал араион аҟны инхо ауааԥсыра ршәарҭадаразы еиԥш Аԥсны ауааԥсыра зегьы рызгьы. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аӡбрала аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны Набакиеи Отобаиеи роушьҭырҭатә ҭыԥқәа аркхоит. Аха иара убри аан ақыҭа Папынырхәаҿ иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥи ЕгрыГЕС амаҵ ауразы ҷыдала рхы иадырхәо аушьҭырҭатә ҭыԥи русура иацырҵоит.