00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аҭоурыхдырыҩ: атопонимқәа аӡәы иҭаххеит ҳәа рыԥсахра иашам

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа интеллигенциа Жәлар Реизара аиҳабы иахь аҳәара ҟарҵеит ааигәа адепутатцәа ирыдыркылаз, ақыҭа Арсаул ахьӡ аԥсахра ааныркыларц.

АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ана-ара џьара џьоукы ирҭаххеит ҳәа атопонимқәа рыхьӡқәа рыԥсахра ҟалом ҳәа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит аҭоурыхдырыҩ Игор Марыхәба, Арсаул ахьӡ Приморское ҳәа иахьырыԥсахыз далацәажәо.

Игор Марыхәба иазгәеиҭеит асеиԥш аус шәарҭоуп, избанзар, иаҳҳәап Гал араион инхо ауааԥсырагьы ирҭаххар алшоит рынхарҭақәа иахьатәи рыхьӡқәа ақырҭуа ҟазшьа аҭаны ирыԥсахырц. Ари аҩыза апрецидент аԥҵара зынӡаскгьы иҟамло акоуп иҳәоит аҭоурыхдырыҩ.

Убри азы иара иазиԥхьаӡоит Апарламент аӡбра еиҭархынҳәтәуп ҳәа.

"Ааигәа Апарламент аҟны ирыдыркылеит аӡбра ақыҭа Арсаул ахьӡ Приморское ҳәа иԥсахзарц. Ари атопонимика аганахь ала иҵоурам апрецидент аԥнаҵоит. Уи адагьы ақыҭа ахьӡ аԥсахра аԥсуа ҳәынҭқарратә бызшәа иақәшәо иҟаӡам", — иҳәеит иара.

Марыхәба иазгәеиҭеит Аԥсны аиланхарҭатә ҭыԥқәа шьақәырӷәӷәан Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ихаан ҳәа.

"Апарламент аҿы ирыдкылоу аӡбра Аԥсны Аконституциа иаҿагылоит. Ас аҟаҵара ҟалом. Атопонимика иацы жәацы ицәырымҵӡеит аҭоурых азқьышықәсақәа ирылоуп", — иҳәеит иара.

Хәажәкыра 2 рзы Аԥсны Жәлар Реизараҟны адепутат Дмитри Гәынба иажәадагалала ақыҭа Арсаул ахьӡ Приморское ҳәа иԥсахын. Иара иажәақәа рыла 700-ҩык инарзынаԥшуа ақыҭа ауааԥсыра абри иадгылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0