00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

40-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшцәа Аԥсныҟа иаауеит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасра40-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшцәа Аԥсныҟа иаауеит
40-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшцәа Аԥсныҟа иаауеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа иаҳзеиҭеиҳәеит Апарламент ахь алхрақәа разыҟаҵара атәы.

АҞӘА, хәажәкыра 10– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 40-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшцәа Аԥсныҟа иаауеит иҳәеит ахәаша, хәажәкыра 10 рзы АРСМИРА аҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа.

Иара иазгәеиҭеит ари ахыԥхьаӡара аҽеиҭанакыр шалшо: иагхар мамзаргьы иацлар шауа. Гәагьиа иажәақәа рыла аҳәаанырцәтәи анаԥшыҩцәақәак дара рхала аҳәара ҟарҵоит аԥснытәи алхрақәа ирылахәхарц азы.

"Дара Аԥсныҟа иаауеит, араҟа официалла наԥшыҩцәак рыҳаабала ашәҟәы иҭаагаларц иҳаҳәоит. Убас, иацы даҳҭан Мордовиа атәылауаҩ. Зегьы даара ҳаҭыр рықәысҵоит аха ҷыдала ааԥхьара ада аӡәгьы иҭаҩра азин ҳамам", — иҳәеит Гәагьиа.

Алхрақәа инарыдҳәаланы Аԥсны жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа аарышьҭырц аофициалтә шәҟәқәа рзынанашьҭит: Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә еизара Ахеилак, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума, Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика, Урыстәыла Ацентртә алхратә комиссиа.

Иара убасгьы ашәҟәқәа шьҭын Венесуела, Никарагуа, Вануату рахь.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Дииааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Ажәабжьқәа зегьы
0