Агрбеи Бжьаниеи Апарламент ҿыц раԥхьатәи ашьаҿақәа ирылацәажәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент адепутатцәа Валери Агрбеи Ахра Бжьаниеи
Апарламент адепутатцәа Валери Агрбеи Ахра Бжьаниеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент адепутатцәа Валери Агрбеи Ахра Бжьаниеи иазырыԥхьаӡоит Аԥсны Жәлар Реизара ааԥхьара ҿыц алхратә система аус аднаулароуп ҳәа, амчра азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи хәҭақәа рыбжьара анапынҵақәа реихшара шьақәнаргылароуп ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Раԥхьа иргыланы аконституциатә ԥсахрақәа мҩаԥгатәуп, ҳәа иԥхьаӡоит Апарламент адепутат Валери Агрба.

"Ҳара иаабоит иахьатәи аамҭазы иҟоу аконституциатә ҭагылазаашьа ԥхьаҟа аҿиара шаҳнамҭо", — иҳәоит Агрба.

Алхратә система аус адулареи амчра азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи хәҭақәа рыбжьара анапынҵақәа реихшара ашьақәыргылареи даара кры зҵазкуа ракәны иҟоуп Жәлар Реизара ааԥхьара ҿыц алахәылацәа рзы.

ЕАЕС Аинститут адиректор Владимир Лепехин изҵаара: "Ҿыц иалырхуа адепутатцәа раԥхьатәи ршьаҿақәа ирхадоу ҳәа ишьатәузеи?" аҭакс Валери Агрба иҳәеит агәабзиарахьчара ареформагьы шхымԥадатәиу.

Агрба иажәақәа рыла иахьатәи аамҭазы аус зуа азакәанԥҵара апроблемақәа ируакуп агәрамгаразы авотум Аминистрцәа Реилазаара зегьы акәымкәа министрк далкаан идкылара ахьауа.

Адепутат Ахра Бжьаниа иазгәеиҭеит апарламенттә усура аимадара амазар шакәу.

"Ауаажәлар азыԥшуп ахәбатәи ааԥхьара зхьымӡаз азакәанқәа урҭ ирышьҭанеиуа, афбатәи ааԥхьара адепутатцәа инарыгӡоит ҳәа", — иҳәоит Бжьаниа.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Дииааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Ажәабжьқәа зегьы
0