Аԥсны агәабзиарахьчара асистема ацентрализациа азухоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция минздрава
Пресс-конференция минздрава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов иазгәеиҭеит Аԥснытәи атәанчаҩцәеи аинвалидцәеи хәыда-ԥсада ахәшәқәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа еиқәнаршәоит ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аҟәа имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Кациа иҳәеит, агәабзиарахьчара асистема ареформа азура раԥхьатәи аетап иара ацентрализациа азурала ишалагатәу.

"Раԥхьа иргыланы ареформа агәабзиарахьчара асистема ацентрализациа азура иадҳәалоуп. Атәылаҿ иҟоу ахәышәтәырҭатә усҳәарҭақәа зегьы Агәабзиарахьчара аминистрра анапаҵаҟа иҟазароуп", — иҳәеит Кациа.

Кациа иажәақәа рыла иахьазы уи асистемала араионтә хәышәтәырҭақәеи ареспубликатә ҟазшьа змоу ахәышәтәырҭақәеи рыла ишьақәгылоуп. Аҩбатәиқәа Агәабзиарахьчара аминистрра анапаҵаҟа иҟоуп.

Ареспублика Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит аԥснытәии урыстәылатәии аганқәа агәабзиарахьчара аусхк аҟны реинырра аизҳара. Хаҭала далацәажәеит иаарласны Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса рыҭара ахацыркра.

"Арҭ аполисқәа иалдыршоит ҳтәылауаа Урыстәыла хәыда-ԥсада рҽыхәышәтәра", — иҳәеит Гоов.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит, иаарласны анапы аҵаҩхараны ишыҟоу аибашьара аинвалидцәеи, усеиԥш иҟан иизи атәанчаҩцәеи хәыда-ԥсада ахәшәқәа роура алзыршараны иҟоу аиқәшаҳаҭра.

Ажәабжьқәа зегьы
0