00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Инструкция по применению
14:29
1 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:33
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
12 мин
Аиҿцәажәара
"Аҵх амузеи аҿы" акциа мҩаԥысуеит иахьа: Арӡынба ихьӡ зху амузеи аиҳабы лцәажәара
18:18
9 мин
Аиҿцәажәара
Абжьаратә занааҭқәа аҿар рызхьарԥшра: аколлеџь аиҳабы ицәажәара
18:27
15 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аартуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аартуп
Аԥсны алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аартуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатраз иқәгылан 137-ҩык акандидатцәа. Урҭ рҟынтәи 25-ҩык аполитикатә партиақәа рҟынтәи иқәгылоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 12 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахы-аҵыхәа алхратә ҭыԥқәа зегьы шьыжьнаҵы иаадыртит.

"Алхратә ҭыԥқәа азакәан ишаҳәо ала асааҭ ааба рзы иааҳартит. Иарбанызаалак проблемак ҟамлеит. Агәыӷра ҳамоуп алхрақәа хаҭабзиаралеи ҩаӡара ҳаракылеи миҩаԥысып ҳәа", ҳәа азгәарҭеит Ацентртә алхратә комиссиаҟны.

"Ҳара алхрақәа ҳарзыхиоуп. Акомиссиақәа рлахәылацәа асааҭ быжьба рыбжазы рҭыԥқәа рахь инеиит. Раԥхьа иргыланы абиуллетенқәа рыԥхьаӡеит, нас ҵәҭаԥсарала урҭ амҳәыр раазырхоз далырхит. Асааҭ ааба рзы ашәқәа ааҳартит", — лҳәеит Аҟәатәи актәи алхырҭатә ҭыԥ алхратә комиссиа ахантәаҩы Аида Кәарҷелиаԥҳа.

Аамҭа акыр ишзаазгьы алхырҭатә ҭыԥ аҿы ауаа маҷымкәа инеиит. Урҭ Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш Апарламент аусура иадырҳәалоит.

"Сара сгәыӷуеит Апарламент атәылаҿ иахәҭаны иҟоу ареформақәа ишахәҭоу рымҩаԥгара алнаршап ҳәа. Сара аиҭакрақәа срыдгылаҩуп", — лҳәеит алхыҩ Диана Логәуаԥҳа.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Дииааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Ажәабжьқәа зегьы
0