12 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы адепутатцәа алырхит

© Sputnik / Томас Тхайцукҩбатәи атур 23 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуеит
ҩбатәи атур 23 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа ҩбатәи атур 23 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуеит 35 рҟынтә, абри атәы аанацҳаит ААК ашәахьа.

АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik. Заанаҵтәи адыррақәа рыла 12 депутат алхуп, 23 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы аҩбатәи атур мҩаԥгахоит, абри атәы аанацҳаит ААК ашәахьа. 

Аԥсны абжьыҭира хыркәшоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны абжьыҭира хыркәшоуп

Адепутатцәа алхуп: алхырҭатә ҭыԥ № 2 Џьапуа Алмас Севериан-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 10 Ҳагәышь Иури Лев-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ №11 Аршба Асҭамыр Борис-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 14 Дбар Дмитри Сергеи-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 15 Арӡынба Дмитри Григори-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № Сангәлиа Михаил Пиотр-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 18 Анқәаб Александр Золоҭинсқа-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 22 Галустиан Левон Миружан-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 24 Миносиан Ашоҭ Ваграм-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 25 Ҳаразиа Саид Геннади-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № 29 Ҭарба Асҭамыр Адик-иԥа, алхырҭатә ҭыԥ № Табаӷәуа Баҭал Иван-иԥа, иаанацҳаит ААК.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Алхрақәа ирылахәын 137-ҩык акандидатцәа. Урҭ рҟынтәи 24-ҩык аполитикатә партиақәа рҟынтәи иқәгылан.

Дииааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.

Ажәабжьқәа зегьы
0