Алықьса Гогуа "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара ианашьоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАлықьса Гогуа "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара ианашьоуп
Алықьса Гогуа Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара ианашьоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Алықьса Гогәуа иахьа 85 шықәса ихыҵит.

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа "Ахьӡ-Аԥша" аорден актәи аҩаӡара ианеишьеит уи имш иира аҽны.

"Алықьса Ноча-иԥа, даара гәахәарыла иҳадҳкылеит иахьатәи амш. 85 шықәса иагьмаҷым иагьырацәам. Ҳаԥсуа милаҭ рҿы ианакәызаалакгьы ирҳәон ари ашықәс иҭагылоу иуаҩыбжара дҭысит ҳәа", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит ашәҟәыҩҩы иажәа еснагь ихшыҩырҵаганы ишыҟоу аҳәынҭқарра аргылара аус аҿы.

Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча- иԥа Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Алықьса Гогәуа: сызнысхьоу амҩеи сызхаану аамҭеи даара имариамызт

"Иахьа, шәарҭ шәызнысыз амҩа аԥсуа милаҭ рҿы сгәы иаанагом иззымдыруа аӡә дыҟоуп ҳәа. Аԥсуаа амилаҭтә қәԥараҿы ирхыргаз шәара агәҭа шәалагылан. Асовет ҳәынҭқарра ахыбгалара аамҭахь ианнеиуаз, убысҟантәи аҭагылазаашьа аҟны шәара зегь раԥхьа аԥсуа милаҭ шәраԥхьагыланы, Владислав шәивагыланы шәызҿыз аусқәа зегьы ҳажәлар ибзиаӡаны ирдыруеит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Алықьса Гогәуа Аҳәынҭқарраҿы иреиҳау аорден ахьианаршьаз азы ахадара иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Даараӡа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Сара аиашазы, схы здыруа ианыҟала инаркны зыуаажәлар, зыԥсадгьыл, зҳәынҭқарра рзы ирылшо ала аџьабаа збақәоз среиуоуп. Аха аорден "Ахьӡ-Аԥша" соуп ҳәа иҟасымҵеит аиашазы. Уи сара исыԥсҭазааран, сыԥсҭазаара аҵакы акәын", — ҳәа азгәеиҭеит ашәҟәыҩҩы.

Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц иазгәеиҭеит хәажәкыра 30 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа изку ахәылԥаз шымҩаԥысуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0