Sputnik, Владимир Бегунов
Иахьатәи аамҭазы ақалақь апрокуратураҟны ишьҭоуп аус адуларазы закәандарыла аҭырқә-ҽыкәабарҭақәа рықәгара иазку аматериал. Аҟәа ақалақь апрокурор Руслан Ҭырқьба иажәақәа рыла, иҟоуп адокументқәа ҩба. Акы – 2008 шықәсазтәи Сергеи Багаԥшь идҵа (аҭырқә-ҽыкәабарҭақәа "Стамбул" аҭоурых-культуратә ҭынха Аҳәынҭқарратә реестр алгаразы), аҩбатәи – 2015 шықәса, ԥхынҷкәын 29 рзы Рауль Ҳаџьымба инапы зҵаҩу аҭоурых-культуратә ҭынха Аҳәынҭқарратә реестр (араҟа аҭырқә-ҽыкәабарҭақәа "Стамбул" асиаҿ иануп). Асеиԥш аан аԥыжәара арҭоит еиҳа ихьшәоу адокумент.
"Ҳара ақалақь Ахадара ирабжьаагеит аобиект закәандарыла измоу имхразы. Иахьатәи аамҭазы афирма "Камелот-2008" иарбанызаалак зинк аманы иҟам абри аҭыԥ аҟны адгьыл амазааразы", — иҳәеит апрокурор.
2008 шықәса рзы, арҭ ахыбрақәа аҳәынҭреестр ианалгаха ашьҭахь афирма "Камелот-2008" қьырала ахыбрақәа ахьгылаз адгьыл ааннакылеит уаҟа аофистә хыбра аргыларазы. 2014 шықәса ԥхынҷкәын азы ақьыратә еиқәшаҳаҭра шықәсык ҳәа аҿҳәара иацҵан. Абри аамҭала аиқәшаҳаҭра аҿҳәара ианацҵамха, 2015 шықәса рзы афирма азинқәа аанкылахеит.
Иахьатәи аамҭазы афирма адиректор хада игәы иҽанҵоуп, адырра иҭоуп аргыларатә техника уи аҭыԥ аҟынтәи иқәгатәуп ҳәа.