Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа аолимпиада "Архитектуреи аҟазареи" иалахәхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЮные художники, ученики Анзора Сакания, в мастерской
Юные художники, ученики Анзора Сакания, в мастерской - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аолимпиада "Архитектуреи аҟазареи" аҟны аиааира зго азин роуеит ԥышәарада иарбанызаалак урыстәылатәи аҵараиурҭа аҭалара, ҳәа ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит асахьаҭыхыҩ Анзор Сақаниа.

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рхы аладырхәраны иҟоуп Алада-Урыстәылатәи арегионбжьаратә олимпиада "Архитектуреи аҟазареи". Иара мҩаԥысраны иҟоуп Шәача, хәажәкыра 16 — 19 рзы. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет адоцент Анзор Сақаниа.

"Аолимпиадахь алхратә тур иалахәыз хәнызқьҩык рҟынтәи ҳсахьаҭыхыҩцәа қәыԥшқәа Милана Герзмааԥҳа, Алим Аршба, Милана Пачлиаԥҳа, Диана Герзмааԥҳа, Викториа Таниаԥҳа ахыркәшаратә етап ахь инеиит. Ҳара иахьа ҳҽазҵәылхны аҽазыҟаҵара ҳаҿуп", — иҳәеит Сақаниа.

Асахьаҭыхыҩ иазгәеиҭеит ашәара шимаз аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рылшарақәа азымхар ҳәа. Иара иҳәоит ари аолимпиада аҿар хырхарҭаны ишырнаҭо ацәыргақәҵақәа, аиндаҭларақәа рылахәра, ишаанарԥшуа аӡазара злоу ахәыҷқәа.

"Аолимпиада алахәылацәа рылшарақәа аадырԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьақәа рнаҭоит. Аҿар асахьаҭыхра, арҿиара аинтерес днаркуеит", — иҳәеит иара.

Сақаниа агәра игоит асеиԥш иҟоу аолимпиадақәа рылахәра аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рзанааҭ алхраҟны ацхыраара рнаҭоит ҳәа.

Анзор Сақаниа гәахәара дула иазгәеиҭеит аолимпиадаҿ иаиааиуеи апризиорцәеи ԥышәарада еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рҭалараз алшарақәа шроуа.

Аԥсуа сахьаҭыхыҩ ҿарацәа рхы аладырхәуеит Алада-Урыстәылатәи арегионбжьаратә олимпиада "Архитектуреи аҟазареи". Иара мҩаԥысраны иҟоуп Шәача, хәажәкыра 16 — 19 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0