Кан Ҭаниа НАТО иҟанаҵаз алаҳәара аҭак аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 14 рзы НАТО ахаҭарнак Джеимс Аппатураи иқәгылараҿы иҳәеит имҩаԥысыз Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа НАТО ишазханамҵо.

AҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа иҳәеит НАТО Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа ахьазханамҵо, иаԥсахӡом урҭ демократиатә шьаҭала рымҩаԥысшьа.

Хәажәкыра 14 рзы НАТО ахаҭарнак Джеимс Аппатураи иқәгылараҿы иҳәеит имҩаԥысыз Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа НАТО ишазханамҵо.

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу ареалтә ҭагылазаашьа иаҿагыло апропогандатә ҽазышәарақәа ҿиоит. Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым, зхы иақәиҭу ҳәынҭқарраны ишыҟоу зныкымкәа иаҳҳәахьеит, аиҭаҳәарагьы ҳазааԥсаӡом", — иҳәеит Ҭаниа. 

НАТО, ма егьырҭ жәларбжьаратәи ахеидкылақәа Аԥсны алхрақәа рымҩаԥгара азхарымҵозаргьы, урҭ демократиала рымҩаԥысшьа аҽаԥсахӡом, азгәеиҭеит уи.

"Аԥсны алхрақәа зныкымкәа имҩаԥысхьоу иаҳдырбахьеит рыҩаӡара шаҳараку. Убри анаҩсгьы, жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа алхрақәа еилагарак ҟамҵакәа ишеиҿкаау. Насгьы, НАТО иҳанаҳәоит ииасыз алхрақәа иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара ишахәарҭам. Ҳара ҳганахь ала иазгәаҳҭар ҳҭахуп, Қырҭтәыла иадҳәалоу аҭагылазаашьа ҭышәныртәалан Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа 2008 шықәсазы", — иҳәеит уи.

Ашәарҭара аԥызҵо НАТОи Қырҭтәылеи арратә ган ала реиҩызара ахьдырӷәӷәо ауп, аҭышәынтәалара еилазго иагьаԥырхагоу, ҳәа азгәеиҭеит адипломат.

Ажәабжьқәа зегьы
0