АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аорден "Ахьӡ-аԥша" II аҩаӡара ианеишьеит Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апрезидент Геннади Гагәлиа.
"Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны иахьатәи аҭоурых ҿыц аҟны аҵакы зманы иушьаша арыцхә. Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата иалшо зегь ҟанаҵоит ареспублика ахьӡ аӡыргаразы, адунеи аларҵәаразы", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Иара иазгәеиҭеит аполитикатә инструментқәа аус ахьырзымуа аекономикатә инструментқәа рылшара аԥыжәара анаиуа шыҟоу. Иара убасгьы иазгәеиҭеит Апалата ахада Генади Гагәылиа ҷыдала илшарақәа, иусураҟны илҵшәақәа.
"Сара еснагь иџьасшьоит ишәымоу амчлшара. Шәышықәсқәа иарбанызаалак шәусура анырра арҭом", — иҳәеит иара.
Геннади Гагәлиа иҳәеит Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аусура Аԥсны аизҳазыӷьара ишазырхо.
"Сара агәра згоит ҳазҭахым ҳҿаԥхьа иқәдыргыло апроблемақәа мышкымзар зны хымԥада риааира ҳалшап ҳәа. Усеиԥш агәаанагароуп амчқәагьы сызҭо. Уи адагьы сара исымоуп адгылара бзиа", — иҳәеит Гагәылиа.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит еиуеиԥшым асоциалтә-економикатә хырхарҭақәа ареспубликаҟны аҿиара амҩа ишану.
Рауль Ҳаџьымба ахә ҳаракны ишьеит Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аколлектив аусура.