Sputnik, Алана Сабеева
Амузыкатә шоу "Ты супер!" алахәыла Валериа Адлеиаԥҳаи актәи атур аҟны қәҿиарала лықәгылара ашьҭахь лымшқәа сааҭ-сааҭ еихшоуп: арепетициақәа, ашколтә маҭәарқәа рҽырзыҟаҵара, апроект аетап ҿыц аҽазырхиара, ашәа ҿыц аҵара – ирацәоуп изыхьӡатәу.
Аха, абри аилахара иалагӡаны Лера илыман ԥсшьарамшык. Амузеи-ҭыӡҭыԥ Архангельское аҟны имҩаԥысуаз аконцерт ахь Валериа дналыԥхьеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥсны жәлар рартистка, Амузыкатә театр "Геликон-Опера" асолистка Алиса Гыцԥҳа.
Лера илзымҩаԥыргеит аҭауадцәа Иусуповаа раҳҭынраҿы аекскурсиа. Валериа араҟа дзыршанхашаз рацәан. Аиҳарак илгәаԥхеит аекспозициа "Десерт у князя Юсупова". Лара илҳәеит ахаа даара бзиа ишылбо, аекспозициа адесертқәа ргьама лбарц шылгәаҳәо.
Лера хҭацәыхак лымам. Аԥсшьарамшқәа раанҵәҟьагьы аҭыхрақәа дрылахәуп.
"Ара зегь оумашәа иԥшӡоуп. Зегьы схырхит. Схазы исыӡбеит аамҭа шаасоулак амузеиқәа рахь сныҟәалоит ҳәа. Ари аҭыԥ аҟны схаҭагьы ҭауадҭыԥҳаны схы збеит. Абра сынхоушәоуп сцәанырра шыҟоу. Аҵкы ԥшӡа сышәҵаны аҳҭынрашҭа снеиааиуа сҭоушәа схаҿы иаазгоит", — лҳәоит Лера, Иусуповаа раҳҭынра данаҭаа ашьҭахь лцәаныррақәа ҳацеиҩшо.
Алиса Гыцԥҳа лықәгылара дазыԥшнаҵы Валериа илҳәеит аҩны шыгәхьаалго, ишыгәхьаалго лҩызцәа, класск аҟны аҵара лыцызҵо, аамҭа кьаҿла бзиа илбаз, аконкурс аҟны иаҵаханы зыҩныҟақәа игьежьыз апроект алахәылацәа.
Лара иазгәалҭеит агәахәара ду шылнаҭо лыԥсадгьыл аҟынтәи илоуа адгылара.
Валериа раԥхьаӡа акәны аопера дазыӡырҩит абри аконцерт аҟны. Аконцерт ашьҭахь ашәаҳәаҩ қәыԥши аоператә шәаҳәаҩи еиԥылеит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны Алиса Валериа ашәаҳәара аганахь ала абжьгарақәа лылҭоит.
"Сара уаанӡа аоператә шәаҳәара бзиа избомызт, аха асценаҟынтә уи ашәаҳәабжь исаҳаз аҽакала исыдыскылеит. Алиса даара иԥшӡаны ашәа лҳәоит. Лареи сареи ҳаиԥылара ашьҭахь исзааигәаӡоу уаҩык иеиԥш дызбеит. Лара исалҳәеит ахааназ ахьаҵра шаҭахым. Насыԥ сыманы схы збоит ҳахьеибадырыз", — лҳәеит Лера.
Алиса Гыцԥҳа лакәзар Валериеи лареи уаҩҵас иеицәажәартә еиԥш аамҭа ахьлымамыз гәаланы илыман. Валериа лыӡбахә анылҳәоз иубартә иҟан уи дышлызыгәдууз.
"Аӡӷаб даара аҵаулара змоу лакәны дыҟоуп. Лышықәс иузадымкыло дызҳауп. Исылҭоз азҵаарақәеи сҭакқәа дшырзыӡырыҩуази урыхәаԥшыр, иумбарц залшом лаԥхьаҟа акыр лылҵраны дшыҟоу. Анцәа сиҳәоит лнапы злалкыз аус ауадаҩрақәа рацәаны ишыцу леилдыркаарц, аԥсҭазаараҟны иҟалар зылшо акаҳареи агылареи ишахәҭоу еиԥш илыдылкыларц, риааира лылшарц", — лҳәеит лара.
Алиса иазгәалҭеит Аԥсны аҟыбаҩ ҷыда змоу ахәыҷқәа шырацәоу, ес сабша Лера лықәгылара дшазыԥшыз, уи аиааира шылзеиӷьалшьо.
Валериа ааԥсара шылнубаалогьы илҳәоит аконкурс ԥхьаҟагьы аҽалархәра дшазыхио.
Апроект "Ты супер!" мҩаԥысуеит Урыстәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистрра адгыларала. Апроект амҩаԥгаҩыс дыҟоуп Вадим Такмениов. Ахәыҷтәы вокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" мҩаԥысуеит ателеканал НТВ аҟны жәабран 11 инаркны. Апроект азы инарҭбаау аинформациа аиура алшоит НТВ асаит аҟны. Ашоу иазку ажәабжьқәа рдырра шәылшоит Sputnik Аԥсны аресурсқәа рҟны. Аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik хылаԥшра арҭоит аиндаҭлара амҩаԥысшьа.
Иара иалахәуп 92-ҩык авокалистцәа: Урыстәыла, Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларуссиа, Қырҭтәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Молдавиа, Украина, Естониа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи.