Мелеқь Папааԥҳа: сара Аԥсны ахьӡ акәын издыруаз

© Foto / Сырма АшәԥҳаМелеқь Папааԥҳа-Аргәынԥҳа
Мелеқь Папааԥҳа-Аргәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
90 шықәса зхыҵуа Мелеқь Папааԥҳа-Аргәынԥҳа лыхшара налыдкыланы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь Ҭырқәтәылантәи раԥхьа зыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иаақәаз дреиуоуп. Ԥшьҩык аԥацәеи, ҩыџьа аҭыԥҳацәеи дрануп, амаҭацәеи, урҭ ирхылҵызи жәларык драндууп.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Мелеқь лыԥсадгьыл аҿы лхы-лгәы дақәгәырӷьо дыҟоуп. Уи ус шакәу  шьақәдырӷәӷәоит лхәыцрақәа. Лара Аԥсны ахьӡ акәын илдыруаз ҳәа, ҭаацәала иааны, абра инхо-инҵуа лыԥхыӡ иалашәаргьы илызҵомызт.

"Ҭырқәтәыла Бурса азааигәара иҟоу Мезиҭ ақыҭаҿы ҳанхон. Аԥсны шәабантәыхҵәеи, ҳәа шәҵаауазар, Ҵабалынтә ҳәа ауп ишыздыруа. Ус иалацәажәалон ҳаиҳабацәа. Аха, ижәымбои игәныскылартә сыҟамызт усҟан. Сара сылхаануп Аԥснынтә иқәҵыз, шәышықәса иреиҳаны изхыҵуаз Аргәынԥҳа Елиф, 15 шықәса зхыҵуаны арантә инанагаз Аргәынԥҳа Ҭамшьыгә, Абганба зыжәлаз зықәра ыҟаз аԥсыуа хаҵак. Иахьеиԥш исгәалашәоит уи аԥсыуала икәашара, иашәаҳәара. Урҭи ҳареи ҳаигәылацәан, ҳаидтәалан, уиазоуп изыздыруа", — ҳәа илгәалалыршәоит Мелеқь. 

Саим Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: ҳбызшәа аиқәырхара ҳаԥсадгьыл аҿы алацәажәара ԥхашьароушәа збоит

Лара Аԥсныҟа дааижьҭеи такәы ҵуеит. Ҳәарас иаҭахузеи, ианааи инаркны иахьатәи аамҭа аҟынӡа иаҳгозар, акыр аҽыԥсахрақәа мҩаԥысит Аԥсны. Лмаҭацәа еизҳаит, иҩнрахеит, рхатәы бызшәала аҷҷаҳәа ицәажәо иалагеит, убри инамҩатәны аурыс бызшәагьы рҵеит, аҭырқәшәа рдыруеит, англыз бызшәагьы убас. Иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгеит, бзиа ирбоз азанааҭқәа алырхит.

"Ҵабыргыла сцәажәоит, Аԥсны даара рхы адҵаны иҟоуп, бзиа ирбоит. Ҳанааи инаркны абра ҳаҟоуп, ҳашьцылеит, ҳхы раҳаҭны иаҳбоит. Адунеи иахьабалакгьы еснагь угәы иақәшәо убаӡом, аԥсҭазаара ус иҟоуп. Ԥахьа аасҭа уаныԥшлак, уажәшьҭа амҩа бзиа ҳақәлеит, ҳгәыӷрақәа еиҳахо иалагеит", — лҳәеит абырг ԥхәыс.

Аԥсны аӡбахә рҿыҵакын Ҭырқәтәыла, уи еснагь ираҳауаз акәын. Аха, аԥсҭазаара лакәҵас ианузныҟәо ыҟоуп. Аԥсныҟа иааит, аратәи аӡгьы ржәит, ачагьы рфеит, анаҩсгьы имҩасырц иаҿуп.

"Сгәы адуп, сыԥсы адуп сабацәа сабдуцәа рыдгьыл Аԥсны. Сара сгәы иаахәоит, сагьҭынчуп сгәы каршәны сыҟоуп сыхшара ирҭахны, бзиа ибаны ара иахьыҟоу. Раԥхьа арахь ҳанаауаз амҩа иадҳәалаз акыр ауадаҩрақәа ыҟан. Иануҭаху узцомызт, иануҭаху узаауамызт. Аха, уажәы Анцәа иџьшьаны агәашәқәа аартуп, аиҭанаиааира еиҳа имариахеит", — ҳәа лҳәеит Мелеқь.

Гәынамӡарақәак лбозаргьы урҭ рылацәажәара ԥхашьароуп ҳәа илзааиуеит, избанзар лыԥсадгьыл аҿы дыҟоуп, абра дыԥсыроуп. Зыԥсадгьыл ахь имаацгьы, дшаауа лдыруеит, уи азы агәыӷра лымоуп. Даԥсыуаны атәымџьара дыҟаны, насыԥ иманы дызлаҟалари ауаҩы? Уи ҟалашьа змам ауп.  

Џьенгиз Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Џьенгиз Гогәуа: ҳахьыҟазаалак ҳаԥсадгьыл ахьӡ аҭгара ҳашьҭазароуп

"Сара сыԥшьҩы ԥацәа сыманы сааит, ҩыџьа сҭыԥҳацәа уа иаанхеит. Уигьы агәаӷьра ӷәӷәа аҭахын, сгәы аныԥшаауа ыҟақәоуп, аха сахьхәны сыҟам. Ҭырқәтәылаҟа ҳанцало, ҳауа-ҳҭахы ҳазҵаауеит Аԥсны ҳанхара-ҳанҵыра зеиԥшроу. Ирзеиҭаҳҳәоит аҭагылазаашьа акыр абзиара аганахь ала аҽшаԥсахыз. Унан, ҳнеироуп, иаҳбароуп!, рҳәоит зегьы", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Арантә ираҳауа ажәабжь бзиа имаац рзы акраҵанакуеит. Зегьы рыԥсы ахьыхәхәоит, аха ишуҭаху еиԥш ианалымҵуагьы ыҟоуп. Аҳәынҭқарра амаҵ азызуа ауаа ҟәыӷақәа ыҟоуп. Аԥсуа жәлар рыхдырра ҳаракуп, егьырҭ амилаҭқәа ҳрылукааратәы ҳҟазҵо аҟазшьа ҷыдарақәа ҳамоуп. Ҳаԥсуара ҳаибаркны ҳамазароуп.

"Ҭырқәтәыла ҳизаргьы, ҳдухазаргьы, атәым дгьыл ҳақәынхазаргьы Аԥсынҟа ҳааратәы ҳаныҟала ҭаацәала ҳмыԥшыкәа ҳааит. Аԥсуара гәаҳҭалароуп, абааԥсы! Аӡәи-аӡәи ак ҳагхаргьы, ҳала ихымыкшалакәа еибаҳҳәароуп, ҳаибарҽеироуп. Нас ҩҭӡык рышьтәа ашьышьа еиԥшхом, рҳәоит. Зегь ҟазшьак-ҟазшьак рымоуп. Ҳара ҳаиҳабацәа атәымџьара иныҟәыргоз абрантә инаргаз аԥсуароуп", — ҳа лҳәеит Мелеқь.

Даара иахӡыӡаауа еиқәдырхеит, аринахысгьы икарыжьрым ҳәа агәаанагара лымоуп. Уи аџьабаа адырымбалаӡеит зынӡагьы. Аԥсуа дшаԥсыуоу еиԥш дымҩасуеит, аҭырқәагьы убас. Аӡәи-аӡәи еиламкьакьаӡеит. Уара узаԥсыуоузеи?, зҳәаз дҟамлаӡеит. Имаацгьы, раара ҳазыԥшуп. Ирдырааит, аԥсадгьыл ахь нхара иааз ауаҩы дмахьхәыр шакәу. Агәра длыргоит Аԥсны аԥшӡареи, аҳалалреи иаразнак ишатәнатәуа.  

Ажәабжьқәа зегьы
0