Џьенгиз Гогәуа: ҳахьыҟазаалак ҳаԥсадгьыл ахьӡ аҭгара ҳашьҭазароуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаЏьенгиз Гогәуа
Џьенгиз Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла Сҭамԥыл ақалақь аҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Џьенгиз Гогәуа дҭаацәароуп, ҩыџьа арԥарцәа драбуп. Иҭоурыхтә ԥсадгьыли, аԥсуареи бзиа ишибо атәи, аҵас-ақьабзқәа акыр пату шрықәиҵо атәи дазааҭгылеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

— Ҳаҭыр зқәу Џьенгиз, шәара Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарраҿы шәынхоижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Иҵаулоуп шәызхылҵыз шәабшьҭра аҭоурых. Шәазааҭгыларц ҳҭахуп. 

— Сара Сабду иабду иоуп ахҵәара иақәшәаны Ҭырқәтәылаҟа иаанагаз. Ҟарачы-Черқьесск, Лоу ақыҭа ззырҳәо аҿы ибзазон. Уантәи ауп Ҭырқәтәылаҟа ишықәнагалаз. Сабду иабду даара дхаҵа ӷьеҩын, иажәа амч аманы иҟан. Раԥхьа ҩышықәса Сҭампыл иҟан, нас Анатолиаҟа амҩа иқәлеит, анаҩс Есқьишьеҳир, Иозгарҭ, уи ашьҭахьгьы Каисери инанагеит. Идыргылаз аԥсуа-абаза қыҭақәа маҷым. Сара Каисери сиит. Сабду Маҳмуҭ ихьӡын. Иреиҳау аҵара салгеит Сҭамԥыл. Уажәы сҭаацәагььы саргьы Сҭамԥыл ҳанхоит-ҳанҵуеит. 

Мураҭ Бабал-иԥа - Sputnik Аҧсны
Мураҭ Бабал-иԥа: сыԥсадгьыл аӡбахә ансаҳа Аԥсныҟа сызлаара амҩа сашьҭалеит

— Ирацәаҩума шәыжәлантәқәа Ҭырқәтәыла инхо?

— Егьмаҷӡам. Адаԥазар, Каисери, Адана, Иозгарҭ уҳәа Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы инхоит. Иҟоуп Ҭырқәтәыла анҭыҵгьы инхақәо. Еицырдыруа афилософ, хылҵшьҭрала иаԥсыуоу Мураҭ Иаган иԥшәма ԥҳәысгьы д-Гогәуаԥҳауп. Канада инхон. Ус еиԥш ирацәаҩуп Ҭырқәтәыла анҭыҵгьы инхақәо. 

— Еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәеи шәареи аиҩызареи аусеицуреи шәыбжьоуп. Шәара аекономикатә усқәа шәнапы рылакуп. Ҭырқәтәыла, Кавказ аганахь ала иамоу азыҟазаашьа шԥажәбо, иарбан нырроу иаанарԥшуа?

— Ҭырқәтәылеи Аԥсныи реизыҟазаашьа егьыцәгьам. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы, сара Кавказ Аԥсны адгыларазы Ҭырқәтәыла еиҿкааз акомитет салан, маӡаныҟәгаҩ хадас сыҟан. Ҭырқәтәылатәи Ареспублика анапхгареи сареи аицәажәарақәа ҳабжьан. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба дызлахәыз аиԥылрақәа рҿы сыҟан. Аԥсны аекономикатә блокада аамҭазы, Ҭырқәтәыла Аԥсны аганахь ала аацхыраара аанарԥшуан.   Адунеи аҿы аполитикатә ҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит. Уи иарбан ҳәынҭқарразаалак ианымыԥшырц залшом. Ахатә ҳәынҭқарра змоу, ахатәы бызшәа змоу — уи ҳәынҭқарра наӡоуп, уи ауасхыр арӷәӷәара еснагь иазықәԥатәуп, аџьабаа батәуп. Ҳахьыҟазаалак ҳаԥсадгьыл ахьӡ аҭгара ҳашьҭазароуп, досу инапаҟынтә иааиуа ҟаиҵароуп. 

Ҭырқәтәыла, Џьгьарда ақыҭа инхо Феҳми Ашәба. - Sputnik Аҧсны
Феҳми Ашәба: атәым дгьыл иқәынхо аԥсуа илахьынҵа ус ажәала аиҭаҳәара уадаҩуп

— Аибашьра анцоз аамҭазы, шәара иҟашәҵаз ацхыраара даара ирацәоуп. Убарҭ амшқәа маҷк ҳрызхьаԥшып. 

— Сара сҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь сыхдырра аныҟала инаркны, сгәы иҭоуп, сыԥсы иалоуп. Аԥсны аҳәынҭқарра ахадацәа Владислав Арӡынбеи, Сергеи Багаԥшьи сареи ибзианы ҳаибадыруан. Аполитикатә, ауаажәларратә усқәа ҳрылацәажәон ҳаиԥыларақәа рҿы, хымԥада убри аан хадаратәны иқәгылан аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора рызҵаара. Аԥсны аибашьра иналага аҩбатәи амзазы сааит. Арӡынбеи сареи аиԥылара ҳаман. Арантә Ҟарачы-Черқьесск сцеит, мчыбжьык уа сыҟан, уантә Ҟабарда-Балкариаҟа сцеит. Аԥсны ацхраара иазкыз аусқәа реиҿкаара ҳашьҭан. Октиабр 3 рзы Аԥсныҟа сааит, октиабр 5 рзы аԥсуа-абаза жәлар рконгресс еиҿкаан, саргьы уа салахәын. Ҭырқәтәылеи Аԥсни срыбжьан, аибашьра ахьеилгара ҳашьҭан, иҳалшоз ҟаҳҵон. Шаҟаҩы ршьа ақәҭәоузеи ҳадгьыл хазына? Анцәа ҳахыубаан. 

— Ҳара иаҳбарҭоуп шәара аԥсуара шаҟа шәашьҭоу. Шәыҩны акәзар, уахьынаԥшааԥшуа зегьынџьара  аԥсуа цәа аҟәнуп, аԥсышәала ицәажәоит. Еиҿкааны ишәымоуп шәхатә музеи. Ишԥеиҿышәкааи?

— Сара схәыҷы аахыс ажәытә маҭәахәқәа бзиа избон. Аха, ҳара аҩны иҳамаз даара имаҷын. Сабду иҟынтә иаанхақәаз ыҟоуп, акәадыр, уи зладырхиоз амаҭәахәқәа уҳәа… Сабду иаб даныԥсы, сабду дмаҷын. Убри аҟынтә имаз зегьы сабду иаҳәшьцәа еиқәдырхарц иргеит. Саб иныҟәигоз акәадыр иамаз араӡынқәа, аҟәынақәа, иара убас инапала иҟаиҵаз аҟамчқәа  еиқәырханы исымоуп. Урҭ сара акыр срыхӡыӡаауеит, сыҩнаҿы иреиӷьу аҭыԥ дара ирзалхуп. Исымоуп аԥсуаа ажәытәтәи рабџьархкқәа рацәаны, хеиқәырхагас, хыхьчагас ирымақәаз. Иҟоуп ҳамҭақәас исырҭақәаз, иҟоуп иаасхәақәаз аҟамақәа, акьарахәқәа, аҳәызбақәа. Кавказаа абџьар пату рзақәуп. Ашәарах ацәақәа еизызгоит. Сара ашәарыцара даараӡа бзиа избоит.

Маамун Маан - Sputnik Аҧсны
Маамун Маан: зегьы ирыцку сыхшареи сареи ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

— Аԥсны шәарыцара шәцахьоума?

— Мап, Аԥсны сымшәарыцаӡац. Аԥсны саннеиуаз сусқәа еиҳа ирацәан аԥсшьара аамҭа аасҭа. Сара аҭеисԥыҳәқәа рколлекциа рацәаны исымоуп. 50 шықәса раахыс аизакра саҿуп, рызегьы напылаҟаҵароуп, инатуралтәу амаҭәар иалхуп. Кавказаа ажәытә иныҟәыргоз ашәҵатәы, уи зладырҩычоз зегьы рцәыргақәҵа еиҿкаауп сыҩны. Ирацәоуп исымоу амузыкатә инструментқәа. Сара аҽқәа бзиа избоит, иара убас аҽақәтәара. Аԥсны саннеилак еснагь аҽқәа срызгаган, срықәтәон.

Саб аҽыуахьад иман, саргьы санқәыԥшыз 70 инареиҳаны аҽқәа сыман. Саб, аҽқәа даара пату рықәиҵон. Уажәы аҽқәа ҳамамзаргьы, ауардынқәа ҳамоуп. Бзиа избоит асахьақәа реизакра, ирацәоуп урҭ рахьтә исымоу ижәытәӡатәиу иоригиналтәу асахьақәа. Сара сыԥшәма ԥҳәысгьы арҭ аусқәа даара бзиа илбоит. Лнапы ҟазоуп. Аҭыԥҳацәа рыхәдахаҵақәа, рлымҳареҩқәа уҳәа рҽырԥшӡагақәа зегьы лара лхатә гьама рыҭаны лнапы иҵылхуеит. Дӡахуеит, дԥоит, асахьа ҭылхуеит. Сара аԥсабара даара сазааигәоуп. Аԥсны еиԥшуп ҳәа ахьысгәахәуа аҭыԥ аҿы сынхоит Сҭампыл. 

Ажәабжьқәа зегьы
0