2012 шықәсазтәи алхрақәа раан аасҭа уажәтәиқәа раан абжьыҭыҩцәа рааира еиҳа иҳаракын

© Sputnik / Томас Тхайцукалхрақәа
алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 26 рзы, Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ № 17 аиҭалхра мҩаԥысуеит лаҵарамза 14 рзы. Абри атәы аҩаша, хәажәкыра 21 рзы апресс-конференциаҟны иалацәажәеит ААК (ЦИК) ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиеи ААК (ЦИК) апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳаи.

АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik, Бадри Есиава. 2012 шықәсазтәи алхрақәа раан аасҭа уажәтәи алхрақәа раан ауаа рааира еиҳа иҳаракын лҳәеит аҩаша, хәажәкыра 21 рзы апресс-конференциаҟны ААК (ЦИК) апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа.

Ҭамаз Гәагьиеи Елена Лабахәуаԥҳаи алхрақәа аҩбатәи ртур атәы иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Аҩбатәи атур аҟны иаиааиз абжьеиҳа зауз иоуп

"2012 шықәсазтәи алхрақәеи 2017 шықәсазтәи алхрақәа рахь ауаа рнеира еиҿырԥшны иазыҟаҳҵаз анализ иаҳнарбеит 2017 шықәса рзтәи алхрақәа рахь ауаа рнеира еиҳа иҳаракын ҳәа. 2012 шықәсазтәи алхрақәа раан реиҳа абжьыҭиҩцәа зҭааз алхратә ҭыԥқәа ԥшьба ыҟан, ауаа рхыԥхьаӡарагьы иартәеит 60%. 2017 шықәсазы абжьыҭиразы ауаа еиҳа иахьнеиз алхратә ҭыԥқәа фба ыҟан, ауаа рхыԥхьаӡарагьы иартәеит 70% ", — лҳәеит Лабахәуаԥҳа.

"2017 шықәса рзы зыбжьы зҭииз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иартәеит 50%. Ари 2012 шықәса иадкыланы 8050-ҩык рыла еиҳауп", — лҳәеит Лабахәуаԥҳа.

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 26 рзы, 22 алхратә ҭыԥ рҟны. Алхрақәа актәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы.

Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ № 17 Гудаҟны аиҭалхра мҩаԥысуеит лаҵарамза 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0