Аҩбатәи атур аҟны иаиааиз абжьеиҳа зауз иоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукҬамаз Гәагьиеи Елена Лабахәуаԥҳаи алхрақәа аҩбатәи ртур атәы иалацәажәеит
Ҭамаз Гәагьиеи Елена Лабахәуаԥҳаи алхрақәа аҩбатәи ртур атәы иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 26 рзы, Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ № 17 аиҭалхра мҩаԥысуеит лаҵарамза 14 рзы. Абри атәы аҩаша, хәажәкыра 21 рзы апресс-конференциаҟны иалацәажәеит ААК (ЦИК) ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиеи ААК (ЦИК) апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳаи.

АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатразы ииааиз акандидат ҳәа дыԥхьаӡахоит абжьы еиҳаны изауз акандидат иҳәеит аҩаша, хәажәкыра 21 рзы Аԥсуа телерадиоеилахәыраҟны имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны ААК (ЦИК) ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа. Ажурналистцәа рызҵаара "ашшрақәа ыҟазма актәи атур аан?", аҭакс Гогьиа иҳәеит иҟаз ашшрақәа ишьақәыргылоу аформала ишеиҿкаамыз.

"Ашшрақәа ыҟан, аха реиҳарак ҿырҳәала акәын мамзаргьы ҭелла акәын ишыҟаҵаз. Асеиԥш иҟоу ашшрақәа официалтә шшроуп ҳәа иузышьақәыргылом", — иҳәеит иара.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
ААК агәыӷра амоуп апарламенттә лхрақәа аҩбатәи ртур маншәалан имҩаԥысып ҳәа

Гогьиа аҳәара ҟаиҵеит алхрақәа ирыдҳәалоу ауаа зегьы Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны рхы мҩаԥыргаларц. Аус зуа азакәанԥҵара иалнаршоит алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа иахьыԥхьаӡоу алхырҭатә ҭыԥ № 17 аҟны адепутатрахь акандидатцәа ҿыцқәа рықәгылара. Абри атәы ҳкорреспондент иеиҳәеит ААК (ЦИК) ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Амзартә план инақәыршәаны алхра ҿыцқәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы ауснагӡатәқәа, аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҭаҩра уҳәа ирылагоит хәажәкыра 25 рзы, ихыркәшахоит –мшаԥымза 14 инаркны лаҵарамза 4 рзынӡа. Акандидат ацентртә алхратә комиссиахь ирзаҳал аннеига инаркны жәамш рыҩныҵҟа ацентртә алхратә комиссиа акандидат ашәҟәы дҭргалоу дҭарымгалоу азы аӡбра аднакылароуп", — лҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа.

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 26 рзы, 22 алхратә ҭыԥ рҟны. Алхрақәа актәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы.

Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ № 17 Гудаҟны аиҭалхра мҩаԥысуеит лаҵарамза 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0