ААК агәыӷра амоуп апарламенттә лхрақәа аҩбатәи ртур маншәалан имҩаԥысып ҳәа

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацентртә алхратә комиссиа Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур ишазыхиоу атәы иалацәажәан Аԥснытәи ателерадиоеилахәыраҟны имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны.

АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ААК (ЦИК) агәыӷра амоуп апарламенттә лхрақәа аҩбатәи ртур маншәалан, еиҿыхарак ацымкәа имҩаԥысып ҳәа. Абри атәы далацәажәеит Аԥснытәи ателерадиоеилахәыраҟны имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа.

"Ацентртә алхратә комиссиаҟны аусурақәа цоит. Актәи атур иадкыланы аҩбатәи атур аҽакала имҩаԥысып ҳәа ҳаҟам. Ауснагӡатәқәа рмзартә план еиҿкаауп. Ҳусурагьы уи инақәыршәаны имҩаԥаагоит", — иҳәеит Гәагьиа.

Гәагьиа ишиҳәаз ала алхрақәа аҩбатәи ртур ахь жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа ааԥхьаӡам.

Аҩбатәи атурқәа мҩаԥгахоит 22 алхратә ҭыԥ рҟны. Акандидатцәа иҿыцны ашәҟәқәа еизыргар акәӡам, ААК (ЦИК) ахьгьы азыҳәа ҿыцқәа нарышьҭыр акәӡам.

Алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0