Ақәыӷәӷәара џьбара рыҭоуп Гагратәи школ №1 анапгареи ахәыҷқәеи

© Fotolia / KzenonАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҵара аҟәшаҟны иахьа ақәыӷәӷәара џьбара рырҭеит Гагратәи абжьаратә школ №1 анапхгареи, арҵаҩы лаҳаҭыр аларҟәра иалахәыз ахәыҷқәеи.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳаилазаараҟны активла иалацәажәоит феисбук акаҭаҟны Гагратәи абжьаратә школ №1 9-тәи акласс аҵаҩцәа зықәра неихьоу, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Маргарита Леонид-иԥҳа Ҭарԥҳа лахь иаадырԥшыз зхы аҭәашьара уадаҩу ахымҩаԥгашьа узырбо, ахәыҷқәа рнапала иҭырхыз авидеонҵамҭа.

Хәажәкыра 17 ахәылбыҽха ари аҭыхымҭа дырбан аԥсуа телехәаԥшрала.

Аҵаҩцәа рхымҩаԥгашьа ашкол администрациа, аҵара-ааӡараҿы ираҩрыжьыз ахҭыс иақәыӡабаразы, Аԥсны аҵареи анаукеи рминистр Адгәыр Какобеи ихаҭыԥуаҩцәеи, Гагра араион Ахадареи, аҭыԥантәи адепутатцәеи, аҵара аҟәшеи, ашкол администрациеи, арҵаҩратә еилазаареи, аҭаацәеи иара 9-тәи акласс аҵаҩцәеи алархәны иазԥхьагәаҭан ашкол аҟны аизара амҩаԥгара.

Архивтә фотосахьа - Sputnik Аҧсны
Ашколи аԥсҭазаареи

Иҳәатәуп, авидео ахәыҷқәа рнапала акаҭахь ишаларамгаларз. Уи ауаажәларраҟны иахьцәырҵыз аҭаацәеи ахәыҷқәеи ихьымӡӷыршьеит, даара игәныргеит, иҟалеит уи иахҟьаны згәабзиара уашәшәырхазгьы.

Аизара аҽны, ашкол аҟны инеиз аҭаацәа ажурналистцәа ркамерақәа анырба, ахәыҷқәа рҭыхра мамзаргьы баша рыҿцәажәара мап ацәыркит. Акласс уада ашә илагыланы аоператорцәа нармышьҭит. Анаҩс, акттә зал аҟны имҩаԥысраны иҟаз аизарагьы аҭыхра зынӡа иалҳаршом ҳәа иқәгылеит. Аҭаацәа адгылара риҭеит аҭыԥантәи адепутат Реваз Бениа. Убри аҟынтә аусмҩаԥгатә мҩасит аоператорцәа аламырхәӡакәа.

Ажурналистцәа ари ахҭыс азы ииашоу аинформациа ауаажәлар ирызнаргарц акәын иргәиҭаз, аха аилкаара рмоуит.

Гагратәи абжьаратә школ №1 адиректор Хана Гәынԥҳа излаҳаиллыркааз ала, ари авидеонҵамҭа ҭыхын иҳаҩсыз ашықәс абҵарамза анҵәамҭазы.

"Ахҭыс ҟалеит афбатәи аурок ашьҭахь, ахәашаҽны. Арҵаҩы Маргарита Ҭарԥҳа иаразнак 9-тәи "А" акласстә напхгаҩы Мактина Сыҷынааԥҳа лҟны дышшит.

Анаҩс, аҭаацәаратә еизара мҩаԥганы, акласс анапхгаҩи, аҭаацәеи, ахәыҷқәеи ари ахымҩаԥгашьазы арҵаҩы лҿаԥхьа аҭамзаара шьҭарҵеит. Аха ашкол администрациаҟынӡа ахҭыс мааиӡеит. Избанзар, аҭаацәа акласстә напхгаҩы аҳәара лырҭеит рыҩнуҵаҟа ирыӡбарц. Ларгьы ахәыҷқәа рыцҳашьаны, рықәра еилкааны адгылара рылҭеит. Маргарита Ҭарԥҳа аҭаацәаратә еизараҟны ахәыҷқәа ираналыжьит рхымҩаԥгашьа. Аха уи иаанагаӡом, ҳара ари аус азы аҭакԥхықәра ҳацәхьаҵуеит ҳәа", — лҳәеит аизараҟны ашкол адиректор.

Аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Маргарита Ҭарԥҳа лаҳаҭыр лазырҟәыз ахәыҷқәа, лҿаԥхьа аҭамзаара шышьҭарҵаз лҳәеит.

"Сара уамашәа избеит, ҳара иаҳхашҭхьаз ахҭыс иахьа ауаажәлар алацәажәо иахьалагаз. Ашколтә ԥсҭазаараҟны иҟамло акагьы ыҟам. Ииашоуп, аҵаҩцәа рхымҩаԥгашьа ҽеимызт, аха уи аус иаразнак еилҳаргеит. Зыхшыҩ мшәыц ахәыҷқәа срацлабырц сгәиҭам. Авидеоҭыхымҭа акаҭа иҭазгалаз дыцәгьахәыцҩыуп, ҳашкол аҳаҭыр аларҟәра дашьҭоуп ҳәа дысԥхьаӡоит", — инаҵылшьит лара.

Аԥсны аҵареи анаукеи рминистр Адгәыр Какоба иазгәеиҭеит, абас еиԥш иҟоу ахҭысқәа ашколқәа рҟны зынӡа аҭыԥ рымамзароуп ҳәа. Убри аҟынтә изаҩзыжьыз ахара рыдҵахоит.

Ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа аилыркаа ҟалҵеит, ахҭыс зырҵысыс аҵаҩцәа ақәыӷәӷәара џьбара шрырҭаз, иара убас ашкол ааӡаратә ҟәша аиҳаби, акласс напхгаҩи, гәыбӷан шроуз ахҭыс аҽны, иҷаԥшьоз арҵаҩцәеи, авидеонҵамҭаҟны зхымҩаԥгашьа иналкааны иаарԥшу аҵаҩцәеи.

Ларгьы лганахь, ақәыӷәӷәара џьбара шлыдылкыло атәы наҵылшьит. Аҭаацәа ракәзар, Аԥсны аҵареи анаукеи рминистр иҿаԥхьа аҭамзаара ду шьҭарҵеит.

"Ҳара даара ихьымӡӷ дуны иаҳԥхьаӡоит ҳахшара иаадырԥшыз ахымҩаԥгашьа. Ҩаԥхьа, Маргарита Ҭарԥҳаи иара аҵара-ааӡаратә ус знапы алакыуи зегьы шәҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаҳҵоит. Ҳхәыҷқәа ари авидеонҵамҭала рхала рхы ахара адырҵеит, игәныргеит, иахьхәит", — рҳәеит гәыԥҩык анацәа.

9-тәи акласстә напхгаҩы Мактина Сыҷынааԥҳа лыхәҭакахьалагьы иазгәалҭеит, лара ахәыҷқәа еиҳау гәыбӷан рмоурц азы ашкол администрациаҟынӡа адырра шыҟалымҵаз.

"Ииашоуп, ахәыҷқәа агха рыхьит, аха иахьырхәуп. Дара узыгәҭасуа ракәым аҵареи ааӡареи рҟны. Агәра шәсыргоит ашкол аҟны аихьӡарақәа рганахь ала иналукааша классны ишыҟоу. Сара сазыхиоуп ахара схахьы агара, смаҵурагьы ааныжьра. Амала, аҳәара шәысҭоит ахәыҷқәа иранашәыжь имхәыцӡакәа идырҿиаз ахҭыс", — инаҵылшьит Мактина Сыҷынааԥҳа.

Аизара мҩаԥызгози иалахәызи иақәыӡбеит, аԥсуа телехәаԥшрала авидеонҵамҭа ахьыддырбаз. Зықәра мшәыц ахәыҷқәа рхаҿқәа дырбара ҟаломызт рҳәеит.

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар инаҵшьны иазгәеиҭеит, ахҭыс иалахәыз ахәыҷқәа физиологиалеи ԥсихологиалеи рышьақәгылара аамҭа ишҭагылоу. Убри аҟынтә макьана рхымҩаԥгашьа аҭакԥхықәра шацу аилкаара рцәыуадаҩуп. Дара рганахь ҳаилазаара иҟарҵаз акритика, ахәыҷқәа ашьҭхра рцәыуадаҩуп. Ахҭыс ҭымҵаакәа ахҳәаа азҭо рганахь агәынамӡарақәа ааирԥшит. Иара убас, хымз раԥхьа аҭыԥ змаз ахҭыси уи аамҭазгьы еилыргази иахьа ицәырызгаз ҳаилазаара аилакшара згәы иҭаз роуп иҳәеит.

Беслан Дбар хәажәкыра 22 рзы Гагра араион ашколқәа рдиректорцәа алархәны имҩаԥигаз аизараҟны ирылеиҳәеит, Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны арҵаҩ бырг лганахь аҭыԥ змаз ахҭыс азы, ашкол адиректор Хана Гәынԥҳаи лхаҭыԥуаҩцәеи ақәыӷәӷәара џьбара шрыҭоу.

Гагратәи абжьаратә школ №1 аҭоурых ду амоуп, аамҭа хьанҭақәа иргәылиааз ауп. Иахьа гхак аиузаргьы, алкаа џьбарақәа аҟаҵара иашам.

Иара аҵара-ааӡараҿы аихьӡара дуқәа змоу, Аԥсны иреиӷьу ашколқәа ируакуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0