Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата асубботникқәа рымҩаԥгара хнырҳәтәуп ҳәа аԥҳьаӡоит

© Sputnik Томас ТхайцукАхәаахәҭра-ааглыхратә палата асубботникқәа рымҩаԥгара хнырҳәтәуп ҳәа аԥҳьаӡоит
Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата асубботникқәа рымҩаԥгара хнырҳәтәуп ҳәа аԥҳьаӡоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палатаҟны имҩаԥысит аилатәара 2017 шықәсазтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазкны. Аилатәара рҽаладырхәит Аҟәа Ахадара, Акурортқәеи атуризми рминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, мшаԥымза 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Ауаажәларратә палатаҟны имҩаԥысит аилатәара 2017 шықәсазтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазкны. Аилатәара рҽаладырхәит Аҟәа Ахадара, Акурортқәеи атуризми рминистрра, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра рхаҭарнакцәа.

Аилатәараҟны Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата апрезидент ихаҭыԥуаҩ Тамила Мерцхәылааԥҳа ажәалагала ҟалҵеит ареспублика аиҿкаарақәеи аусҳәарҭақәеи аамҭа-аамҭала асубботникқәа рымҩаԥгара иалагарц.

Лара лажәақәа рыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата "амш цқьақәа" еиҿнакаауеит 2015 шықәса раахыс. Дара рхахьы иргараны иҟоуп Ахақәиҭара Ашҭа ацқьара.

Апалата аусзуҩцәа еиҿыркааит агәыҳалалратә фонд, имҩаԥыргеит амарафон. Еизыргаз аԥарақәа рыла апарк арԥшӡара еиҿыркааит, аллеиа хадақәа рҟны атротуартә плитка шьҭарҵеит, абираҟқәа кнарҳаит, алашарбагақәа ықәдыргылеит.

"Ҳара уи аӡәы иҟашәҵа ҳәа иҳадимҵеит. Ҳхала иҳаӡбаз ауп. Изаамҭанытәиу асубботник мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥымза 20 рзы", — лҳәеит лара, иагьазгәалҭеит ашколхәыҷқәеи астудентцәеи ари аԥшьгара рыдыркылар шыбзиаз.

Аилатәараҟны ирылацәажәан аԥхынтәи аԥсшьаратә сезон иадҳәало азҵаарақәа жәпакы.

Ажәабжьқәа зегьы
0