112 шықәса зхыҵуа Ҭина Бебиаԥҳа: сықәра амаӡақәа ируакуп – гәыла амажәра

© Sputnik / Томас ТхайцукҬина Бебиԥҳа
Ҭина Бебиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан дынхоит Аԥсны зегьы реиҳа қәрала еиҳабу, 112 шықәса зхыҵуа абырг Ҭина Бебиаԥҳа.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Ҭина Бебиаԥҳа диит 1905 шықәсазы, Хәаԥ ақыҭан. Лара лажәақәа рыла, аҭоурыхтә хҭысқәа акыр дырхаануп, Аԥсны аԥхьагылаҩцәагьы аӡәырҩы лгәалашәоит.

"Хәаԥ инхо ҳара Бебиаа Кәтолынтә иааз, х-ҩык аиешьцәа ирхылҵыз ҳауп. Сан Ӡиӡариаԥҳан Лыхнытәын, лааигәара дынхон Нестор Лакоба. Иара дысгәалашәоит ибзиаӡаны, иоура-иҭбаара, иԥшра-исахьа, аԥсуа хаҵа замана. Сара схәыҷын, аха аусураҟынтәи аҩныҟа даннеиуаз ҳаҩны ҳаиԥылон саҳәшьагьы саргьы ахаа ҳаиҭон, алаф ҳаиҳәон, иара убасгьы дҳалабжьон", — ҳәа дылгәалалыршәоит Нестор Лакоба Ҭина Бебиаԥҳа.

Нестор Лакоба ишҟа иахьцоз, лан лаҳәшьа драцәҳауан "ус ҟалом, ԥхашьароуп", ҳәа ралҳәон. Ҭина Бебиаԥҳа ажәытә аамҭа дахаануп, аамҭацәгьақәа лхылгахьеит.

"Амлакра, ахьҭа иаҳхаҳамгац арбан. Аколхоз аҟны аус ҳуан, иааҳрыхуаз зегьы ҳамхны, ҳцақәа ирывганы иргон. Аҭаҭын сыбӷа ԥнаҵәахьан", — ҳәа урҭ аамҭақәа дырхашшаауеит лара.

Ҭина, Едуард Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" аҟны аус луан, ансамбль алахәцәа рымаҭәақәа луанҭон лыԥҳаи лареи. 

117-шықәса зхыҵуаз Нуца Адлеиба-Думаа лыԥсҭазаара далҵит - Sputnik Аҧсны
117-шықәса зхыҵуаз Нуца Адлеиба-Думаа лыԥсҭазаара далҵит

"Ансамбль "Шьараҭын" аҟны аус анызуаз аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәпакы сырҭааит. Хә-шықәса инеиԥанкыланы акәашацәа ахьцоз срыцын саргьы. Нас иаансмыжьыр ҟамло сҟалеит аусура. Аиашазы, игәхьаазгоит урҭ аамҭақәа, сықәра акыр ишнеихьоугьы сгәашьымх ӷәӷәоуп, сцап сгәахәоит еиҭа аусура", — ҳәа дахлафаауеит лара.

Ҭина Каҷа–иԥҳа шәы-шықәса дшырҭысхьоугьы лыхшыҩ цҳафыруа дыҟоуп. Еиуеиԥшым ачымазарақәа ԥсыуала илхәышәтәуеит, аҭәҳәақәа ҟалҵоит, ныҳәаҩсгьы дыҟоуп.

"Аиашазы, ирацәаҩуп аҭәҳәазы исзаауа ауаа. Хәаԥ ақыҭа мацара акәым, уи анҭыҵгьы исымныҳәац ҭацаки, хәыҷыки ыҟам", — ацылҵеит лара.

Ҭина лыԥҳа аиҳабы Римма илҳәоит, лан ҟазшьала дшыџьбароу.

"Сан еснагь махәҿыла аус луан. Иахьа, маҷк лшьамхы лыхьуеит уи аҟынтә ауҭра дызҭалом. Аха сара исалҳәоит, сара сакәзар шьҭа исҽахьазаарын ауҭра, ани-ари ҟасҵахьазаарын ҳәа. Аџьабаа ду шылбахьоугьы, лықәра шмаҷымгьы дыӷәӷәоуп ҳәа ҳлыхәапшуеит", — ҳәа лҳәеит Римма.

Ҭина Каҷа-иԥҳа х-ҩык аԥҳацәа дрануп, хә-ҩык амоҭацәеи, урҭ ирыхшаз ф-ҩык ахәыҷқәеи ыҟоуп. Дара зегьы анеизалак ҳашта ҭбаа ҭыдырҭәаауеит лҳәоит лара.

"Сыхшареи, смоҭацәеи урҭ ирхылҵызи зегьы рыла сгәы дууп. Иԥхасҭо, ус иакәымкәа зхы мҩаԥызго аӡәгьы дсымам. Ианеизалакгьы алафгьы сылырхоит, саргьы исылшо ала стәанчахәы ааиҩшаны даргьы инрысҭоит", — ҳәа дазгәыдуны илҳәоит лара.

113-шықәса ирҭагылоу Ҭина Бебиаԥҳа лықәра амаӡақәа ируакуп ҳәа илыԥхьаӡоит –гәыла амажәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0