Sputnik, Рада Ажьиба
Аԥшьаша, хәажәкыра 16 рзы, 117 шықәса лхыҵра мызк аахылоны лыԥсҭазаара далҵит Гиннес Ишәҟәы анҵаразы иқәгылаз, Нуца Адлеиба-Думаа. Абырг лгәабзиара дахашшаауа дыҟамызт.
"Нуца Константин-иԥҳа Адлеиба-Думаа ашықәс рацәа нылҵит. Лара ҩыџьа аԥҳацәа, амоҭацәа, амоҭацәа рыхшара рыбзиара абара дахьӡеит. 117 шықәса сынтәа илхыҵит. Аҵыхәтәантәи лымш аҟынӡа лыхшыҩ еицҳафыруа иҟан. Иацы ашьыжь лыдунеи лыԥсахит", — иҳәеит Очамчыра араион абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа.
Аполлон Думаа ишиҳәо ала Нуца аҵыхәтәантәи ашықәсқәа лыԥҳаиҳаб лҟны дыҟан.
"Нуца дышқәыԥшыз лыԥшәма длыԥхеит. Ҩыџьа лыӡӷабцәа лхала илааӡеит, аҵара длырҵеит. Урҭ аҭаацәарақәа ианрылала лхала аҩны дахын, аха нас, лыԥҳаиҳаб лыҩныҟа дылгеит. Ҩеижәа-шықәса инарзынаԥшуа, Мықә, лымаҳә иҟны дыҟан", — иҳәеит иара.
Думаа иажәақәа рыла Нуца аҭакԥхықәра аҵагылара зылшоз уаҩын.
"Ианлааз Нуца, ақыҭсовети араионтә совети рдепутатс дыҟан. Аколхоз аҟны иаарылукааша усуҩын. Лажәа акыр ԥхылнадон", ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аполлон Думаа иара убасгьы иазгәеиҭеит дхәыҷаахыс Нуца дшидыруаз.
"Аиаша уҳәозар, лара лаҟара аԥҳәыс ҟәымшәышә дыҟамызт. Схәыҷаахыс дыздыруан. Исгәалашәом лыбжьы неиҵыхны аӡәы диқәымчуа. Асас изы лышәқәа еснагь иаартын", — иҳәеит иара.
Нуца Адлеиба-Думаа диит ииасыз ашәышықәса алагамҭазы, 1900 шықәса жәабран 15 рзы. Илымоу ашәҟәқәа инарықәыршәаны лара Аԥсны зегь раасҭа ақәра змоу ҳәа дыԥхьаӡан. Гиннес арекордқәа рымш аҽны "Жәларбжьаратәи Афонд Аԥсны" азыҳәа ҟанаҵеит Мықә ақыҭа ауаҩԥсы Нуца Адлеиба-Думаа адунеи аҟны реиҳа зықәра неихьоу аԥҳәыс ҳәа Гиннес арекордқәа рышәҟәы данҵазарц.