Аныҳәаҩ, ахәшәтәҩы, абырг: Ҭина Бебиаԥҳа дазааҭгылоит лықәра амаӡақәа

Анапаҵаҩра
113-шықәса ирҭагылоу Ҭина Бебиаԥҳа лықәра амаӡақәа ируакуп ҳәа илыԥхьаӡоит –гәыла амажәра.

Ҭина Бебиаԥҳа диит 1905 шықәсазы, Хәаԥ ақыҭан. Лара лажәақәа рыла, аҭоурыхтә хҭысқәа акыр дырхаануп, Аԥсны аԥхьагылаҩцәагьы аӡәырҩы лгәалашәоит.

"Хәаԥ инхо ҳара Бебиаа Кәтолынтә иааз, х-ҩык аиешьцәа ирхылҵыз ҳауп. Сан Ӡиӡариаԥҳан Лыхнытәын, лааигәара дынхон Нестор Лакоба. Иара дысгәалашәоит ибзиаӡаны, иоура-иҭбаара, иԥшра-исахьа, аԥсуа хаҵа замана. Сара схәыҷын, аха, аусураҟынтәи аҩныҟа даннеиуаз ҳаҩны ҳаиԥылон саҳәшьагьы саргьы ахаа ҳаиҭон, алаф ҳаиҳәон, иара убасгьы дҳалабжьон", — ҳәа дылгәалалыршәоит Нестор Лакоба Ҭина Бебиаԥҳа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0