АҞӘА, мшаԥымза 18 — Sputnik. Сергеи Лавров аҩаша, мшаԥымза 18 рзы усутә визитла Аԥсны даҭаараны дыҟоуп. Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова лажәақәа рыла иара ихы алаирхәуеит Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ахыбрақәа ркомплекс официалла аартра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Мшаԥымза 19 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара. Иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп Сергеи Лаврови Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиеи реиԥыларагьы.
Захарова лажәақәа рыла аиԥыларақәа раан ирылацәажәараны иҟоуп ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа, Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә еинырра акоординациа азура. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара иазыԥхьагәанаҭоит аҩ-тәылак рыбжьара аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы хра рыманы рыҿиара.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахҳәаақәа рҟны ишаҳәо ала арегион аҟны аполитикатә ҭагылазаашьа уадаҩ иазыԥхьагәанаҭоит Москвеи Аҟәеи русеицура актуалра амазаара.
2008 шықәса нанҳәамзазы Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра рыларҳәеит. 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Урыстәыла арҭ аҩ-республикак рхьыԥшымра азханаҵеит.
Абри ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара аиҭахәаԥшра алыршахом ҳәа.