Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба иажәақәа рыла, афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа аҵареи аҭҵарадырреи рминистр Ольга Василевеи иареи реиқәшәара. Ирылацәажәеит, иахьа аҵаратә усҳәарҭақәа русураҟны ицәырҵуа азҵаарақәа.
"Урыстәылатәи аминистр агәра ҳлыргеит акомплекстә план ала Аԥсны зышьақәыргылара иаҿу ԥшь-школки х-ҳәыҷбаҳчаки рхырқәшара азы илылшо зегьы шыҟалҵо. Анаҩсан, ҳалацәажәеит мызқәак раԥхьа аминистрцәа реилызаараҟны ишьақәырӷәӷәаны Урыстәылаҟа иҳашьҭит ауаҩы иҵара зыршаҳаҭуа, уи аттестатқәа роума, адипломқәа роума, Урыстәыла уи ҷыдала агәрадыргара, иахьа ауадаҩрақәа цәырнагоит. Уи аҟынтә ари апроект ишақәшаҳаҭхо агәра ҳлыргеит. Лажәақәа рыла, ари апроект изыхәҭаз аминистррақәа ирхысхьеит, шьҭа хара имгакәа ҳнапы аҵаҳаҩуеит ҳәа ҳалҳәеит. Ҳалацәажәон иара убас, иахьа Аԥсныҟа заагара уадаҩу Урыстәыла иҭрыжьуа аҵара шәҟәқәа. Ишәдыруеит, ахә акырӡа ацҵаны Аԥсны ишырҭиуа. Абри азҵаараҿгьы адгылара ҟалҵеит", — ҳәа иҳәеит Адгәыр Какоба.