Какоба: жәларбжьаратәи аҵарадырратә форум аҟны ажәахә сыманы сықәгылан

© Sputnik Томас ТхайцукАҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба
Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи жәларбжьаратәи аҵарадырратә салон аҳәаақәа ирҭагӡаны, афорум амҩаҧгара иалагӡаны Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какобеи Урыстәылатәи Афедерациа аҵареи аҭҵарадырреи рминистр Ольга Василевеи реиҧылара мҩаҧысит.

АҞӘА, мшаԥымза 19 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Москватәи жәларбжьаратәи аҵарадырратә салон аҳәаақәа ирҭагӡаны, афорум аҟны ажәахә сыманы сықәгылан, иҳәеит Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

"Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа аҵареи аҭҵарадырреи рминистр Ольга Василевеи сареи ҳаиқәшәара. Ҳрылацәажәеит иахьа ҳара ҳҵаратә усҳәарҭа аҟны ҳусураҿы ицәырҵуа азҵаарақәа. Урыстәылатәи аминистр агәра ҳлыргеит акомплекстә план ала Аԥсны зышьақәыргылара иаҿу ԥшь-школки х-ҳәыҷбаҳчаки рхырқәшара азы илылшо зегьы шыҟалҵо", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Аминистрцәа реиқәшәарҟны иалацәажәеит Урыстәыла Аԥсны иазоуныжьуа аквотақәеи, адипломқәеи, аттестатқәеи Урыстәыла азхаҵареи.

Адгәыр Какоба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Ҳалацәажәеит мызқәак раԥхьа аминистрцәа реилызаараҟны ишьақәырӷәӷәаны Урыстәылаҟа иҳашьҭыз ауаҩы иҵара зыршаҳаҭуа, уи аттестатқәа роума, адипломқәа роума, Урыстәыла уи ҷыдала агәрадыргара, иахьа уи ауадаҩрақәа цәырнагоит. Уи аҟынтә ари апроект ишақәшаҳаҭхо агәра ҳлыргеит. Лажәақәа рыла, ари апроект изыхәҭаз аминистррақәа ирхысхьеит, шьҭа хара имгакәа ҳнапы аҵаҳаҩуеит ҳәа ҳалҳәеит. Аквотақәа рызҵаара ҳалацәажәо еибаҳҳәеит, дара рызнеишьа, аԥышәара анырҭиуа рдыррақәа аадырԥшрытә еиԥш аҭагылазаашьа шыҟало. Аԥсны азы иаҳҭаху азанааҭқәа ҳара аҳәара аныҟаҳҵо иаҳарбаларц, ларгьы илҳәеит сынтәа ҳара иаҳҭаху ала еиҳа ахылаԥшра аҭаны ишаарышьҭуа", ҳәа ациҵеит Адгәыр Какоба.

Москватәи жәларбжьаратәи аҵарадырратә салон мҩаԥысуан Москва мшаԥымза 14 рзы. Иалахәын Сириа, Пакестан, Турциа, уҳәа атәылақәа рхаҭарнакцәа рацәаҩны.

Ажәабжьқәа зегьы
0