АҞӘА, мшаԥымза 19 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны усутә визитла иааны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи реиԥылара мҩаԥысуеит. Аиԥылараан Сергеи Лавров иазгәеиҭеит Аԥсны имҩаԥнаго ахырхарҭа адгылара гәҭакны ишыҟоу.
"Ҳара адгылара аҳҭоит Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы еицырзеиԥшны азинқәа рыҭара, амилаҭтә еилибакаара ашьақәыргылара ирзырхо шәхықәкы", — иҳәеит Лавров.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны иҟазаара агәахәара ду шинаҭо.
"Еиҭах Аԥсны сахьыҟоу агәахәара ду снаҭоит. Ҳара иацы ҳаҭаан ҳаҟан Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа. Асеиԥш Ацҳаражәҳәарҭа ду ахьааҳартызгьы аҽазнык инаҵшьны иазгәанаҭоит ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьа аӷьацара", ҳәа ациҵеит Лавров.
Лавров дазааҭгыланы далацәажәеит атәылақәа рыҩба рыбжьара иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара аҵакы дуны дшахәаԥшуа.
"Даара активла аус ауеит аиҳабырабжьаратә комиссиа. Ииасыз ашықәс азы имҩаԥысит Урыстәылеи Аԥсныи рнаплакыҩцәа реиԥылара. Аганқәа рыҩбагьы реиҳабырақәа асеиԥш иҟоу аиныррақәа адгылара ду рзыҟарҵоит", — иҳәеит иара.
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Лавров аҵыхәтәаны Аԥсны иҟазаара ашьҭахь араҟа аиҭакра дуқәа шымҩаԥысыз.
"Ацҳаражәҳәарҭа аартра аҽазныкгьы иаҳнарбоит Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа шҭышәынтәало", — иҳәеит иара.
Мшаԥымза 18 рзы иара ихы алаирхәит Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ахыбрақәа ркомплекс официалла аартра.