00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥснытәи аделегациа Цхинвалҟа ицеит

© Sputnik Ада БагианАахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов инапынҵақәа рынагӡара хациркуеит мшаԥымза 21 инаркны.
Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов инапынҵақәа рынагӡара хациркуеит мшаԥымза 21 инаркны. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов инапынҵақәа рынагӡара хациркуеит мшаԥымза 21 инаркны.

АҞӘА, мшаԥымза 19 – Sputnik. Аԥсны аофициалтә делегациа рхы аладырхәуеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада Анатоли Бибилов иинаугурациа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изаалыцҳаит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Аинформациеи аҳәынҭпротоколи Русбарҭа аиҳабы Ельза Ҷанԥҳа.

"Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц зхадараҟны дыҟоу Аԥснытәи аофициалтә делегациа иахьа Цхинвалҟа амҩа иқәлоит. Аделегациа аилазаара иалоуп: Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба", — лҳәеит Ҷанԥҳа.

Анатоли Бибилов иинаугурациа мҩаԥысуеит 2017 шықәса, мшаԥымза 21 рзы Цхинвалтәи астадион аҟны. Уаанӡа аинаугурациақәа мҩаԥыргон атәыла аиҳабыра реилатәарҭа Азал ду аҟны, мамзаргьы акиноконцерттә зал "Чермен" аҟны.

Аԥснытәи аделегациа адагьы ацеремониа рҽаладырхәраны иҟоуп Урыстәыла, Донецктәи жәлар рреспублика, Лугансктәи жәлар рреспублика, Приднестровие, Ашьха Ҟарабах рҟынтәи асасцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0