АҞӘА, мшаԥымза 20 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. "Анхараз азин" атәылауаҩра змам ахаҿқәа еиҳа алшарақәа рнаҭоит. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит агуманитартә программақәа Рцентр азиндырыҩ Саид Гезердаа.
Иара иазиԥхьаӡоит "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы" азакәан Аконституциа анрыдыркыла ашьҭахьҵәҟьа ирыдыркылар акәын ҳәа. Абри азакәан рыдыркылаанӡа ареспубликаҟны аус руан азакәанҵаҟатә анормативтә актқәа, аҳәаанырцәтәи атәылауаа рстатус ҳәаақәҵамызт, урҭ ара рыҟазаареи рзинқәеи ирыхцәажәамызт.
"Азакәан ахаҭа ҿыцуп, 2016 шықәса ажьырныҳәа 26 рзы ирыдыркылеит. Аиашаз иара Аконституциа ашьҭахь иудукылашаз закәанын. "Атәылауаҩраз" Азакәан Аконституциа аԥхьагьы ирыдыркылахьан, аҵакы иазхьаԥшны. Аԥсны инхоит атәылауааи иатәылауаами. Ҳәарада азакәан ҳҭахижьҭеи акрааҵуан. Аха иара аҭахра цәырҵит Гал араион инхо ауааԥсыра рстатус ашьақәыргылара азҵаара анцәырҵ ашьҭахь", — иҳәоит Саид Гезердаа.
Анхараз азин иарбанызаалак адемократиатә ҳәынҭқарраҟны ихымԥадатәиу процессуп.
Гезердаа ишиҳәаз ала азакәан актәи аредакциала Гал араион ауааԥсыра аамҭала анхара азин акәын ироуаз, избанзар дара қырҭтәыла атәылауаҩра рымоуп. Уи апроблемақәа цәырнагон. Уажәы, аредакциа ҿыц ала Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо ахаҿы истатус роуеит. Уи еиҳа алшарақәа рнаҭоит.
Азиндырыҩ иазгәеиҭеит "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы" азакәан рыдыркылаанӡа Гал араион ауааԥсыра аформа №9 акәын документ ҳасабла рхы иадырхәоз.
"Ари апроцесс зны иалагон, нас иааныркылон. Ауаа Аԥсны аҵакыра алалареи алҵреи азин рызҭо адокументқәа рымазароуп. Аиҳаракгьы ақыҭақәа рҟны инхо ауааԥсыра ԥсыхәа анырмоулак ауп иахәҭаны иҟоу адокументқәа ианрышьҭало", — иҳәеит Гезердаа.
Иара убасгьы ишаарту иаанхоит анхараз азин змоу ахаҿқәа ртәанчахәытә еиқәыршәара азҵаара.
"Ауаа еиҭамҵуа амазара рымоуп. Џьоукы иаархәар рҭахуп, аҽа џьоукы ирҭиир рҭахуп. Ирацәаҩуп аусутә стаж змоу аха атәанчахәы змоуа. Абри азҵаарагьы аҽа ӡбарак аҭахароуп", — иҳәеит азиндырыҩ.
Анхараз азин аиуразы иаҭаху адокументқәа реиқәыԥхьаӡа ААР асит аҟны ицәыргоуп.
Анхараз азин аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ мамзаргьы атәылауаҩра змам ахаҿы ирҭо документуп. Иара азин ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа анхаразы, алаларазы, алҵразы. Анхараз азин ахаҭара шьақәзыргыло документуп.
Анхараз азин иоур ауеит аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ ԥҳәысс/хаҵас ди(лы)мазар, Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа шықәсык еиҳа дынхозар, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аамҭала анхара азин имазар.
Анхараз ирмариоу азин иоуеит атәым тәылауаҩ, Аԥснытәи АССР Гал араион аҟны ииз, 1999 шықәса жьҭаара 12 инаркны 10 шықәса еиҵамкәа Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны инхо, иҭаацәара алахәылацәа (лхаҵа, иԥҳәыс), зықәра намӡац ихшара, атәылауаҩра змам Аԥснытәи АССР аҟны ииз, 1999 шықәса жьҭаара 12 инаркны 10 шықәса еиҵамкәа Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны инхо, атәылауаҩра змам ахаҿи уи иҭаацәара алахәылацәеи (иан, иаб, иԥҳәыс, зықәра намӡац ихшара (лан, лаб, лхаҵа, зықәра намӡац лыхшара).
18 шықәса зхыҵхьо ахаҿқәа анхараз азин роурц абарҭ адокументқәа аздырхиароуп:
— арзаҳал;
— аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ ихаҭара шьақәзыргыло адокументқәа;
— аԥшшәы змоу афотосахьақәа ԥшьба (4х5 см);
— аираз аршаҳаҭга (аршаҳаҭга аҟамзаараан изыҟам амзызқәа ҩыратә формала реилыркаа);
— аамҭалатәи анхараз азин (азин аҟамзаараан изыҟам амзызқәа ҩыратә формала реилыркаа);
— Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аамҭала анхараз азин.
Анхараз азин аҿҳәара 5 шықәса артәоит иара анрырҭа инаркны.