Кациа: Иегова ишаҳаҭцәа асекта адгылаҩцәа ақыҭақәа рҿы ирацәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аминистрацәа реилазаараҿы адин азҵаарақәа знапы иану Резо Кациа
Аԥсны аминистрацәа реилазаараҿы адин азҵаарақәа знапы иану Резо Кациа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аминистрацәа реилазаараҿы адин азҵаарақәа знапы иану Резо Кациа арадио Sputnik астудиаҿы еиҭеиҳәеит Иегова ишаҳаҭцәа захьӡу асекта атәылаҿы аларҵәара ахьанӡамоу, изакәану-изакәантәыму урҭ Аԥсны русура.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

- Иазусҭцәада ари асекта иалаху, иазусҭцәада Иегова ишаҳаҭцәа?

— Ус аханатә ҳалагозар, сгәаанагарала иҳәатәу убри ауп — Иегова ишаҳаҭцәа дара мап ацәыркуеит, аха ақьырсаинра ҳәа акагьы рзалаӡам. Ус иҟоуп ақьырсианцәа рышәҟәҩыра Абиблиа ҳәа изышьҭоу ишдыру еиԥш ишоу ҩ- ҳәҭак рыла Ветхи завети Новыи завети ҳәа. Новыи завет зегьы зызку Иаса Қьырса иоуп: иԥсҭазаара, ихныҟәгашьа, ииҳәаз, иҟаиҵаз, дзыниаз-дзынԥаз. Егьирахь – Ветхи завет ҳәа изышьҭоу, убри Христос даиаанӡа иҟаз адинхаҵарақәа еизганы изну шәҟәуп, убраҟа Анцәа ихьӡқәа ирацәаны иануп аха, руак Иегова ихьӡуп ҳәа аҳәоит. Убри азы Иегова ишаҳаҭцәа ус рҳәоит, ҳара Анцәа ишаҳаҭцәа ҳауп, Иаса Қьырса ҳара нцәас дҳаԥхьаӡаӡом ҳәа. Дара рхатәы динхаҵара рымоуп, ақьырсианра ишаҿагылоу иаартны ирҳәом, аха ус ауп ишалҵуа. Ҳауаажәлар ақьырсианра рылаҵәаны излаҟоу ала иаартны ирҳәом Иегова ишаҳаҭцәа, иаразнак дара рҟынтә ихьаҵырц азыҳәан. Иаанкыланы рнапы кны Анцәа иӡбахә ҳалацәажәап ҳәа ианалагалак иқьырсианцәоушәа рхы аадырԥшуеит, аха уи адини дареи акымзарак рзеилаӡам. 

- Шаҟаҩ ыҟада Аԥсны Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа зхы зыԥхьаӡо?

Лӡаа-ныха ахылаԥшҩы Владимир Гәочуа - Sputnik Аҧсны
Владимир Гәачуа: аныхақәа шеиҿцаауаз збеит

— Аџьынџьтәылатәи еибашьра анеилга ашьҭахь иаразнак Владислав Арӡынба аԥҟара ҭижьит Иегова ишаҳаҭцәа Аԥсны русура аанкылазарц. Иара уажәыгьы мап ацәырымкӡац, уи аԥҟара аус ауеит. Ахзакәангьы рыдрымкылаӡац апарламент аҿы, сара сыхәҭала ирыдкылатәуп, мап зыцәктәу ак акәны сахәаԥшуеит. Адеструктивтә, атоталитартә сектоуп ҳәа азырҳәоит. Ауаҩы иԥсҭазаара еилазго, иаартны иаҳҳәозар ихы еилазго асектақәагьы ыҟоуп, убарҭ ирылоуп иаргьы иаахтны иаҳҳәозар. Убарҭ ирзааигәуоп Акришнаитцәагьы. Абра зны-зынла ақалақь иалаланы ашәақәа ҳәо идәықәуп, ажәлар аанкыланы ашәҟәқәа рыҭо. 

- Дара ицәгьоу акагьы рҳәаӡом, ацәгьа ҟамлароуп, аҭынчра ыҟазароуп рҳәоит. 

— Дара ирҳәоу аҟны абзиагьы ыҟоуп ацәгьагьы ыҟоуп. Ауаҩытәыҩса зегьы ирыдыркылаша ыҟоуп, аибашьра шаҭахым, иаҳҳәап, аҟьашьра шыҟамлаша. Аха убри инаваргыланы убри аҩыза ԥҟарақәак рыдыркылоит, убра иалало рхымҩаԥгашьа аҟны, ҳара ҳаԥсҭазаара иаҳзадымкыло. 

- Иаҳҳәап?

— Иаҳҳәап, апацифистцәа ҳәа рарҳәоит абџьар мап ацәызкуа. Анцәа иумҳәан аӡә дҳақәлар ҳзыхьчода? Убарҭ ирхырҟьаны ирацәаны иҟалеит аҷкәынцәа аррахь имцо. Ҳара Иегова ишаҳаҭцәа ҳауп, убри азы абџьар ҳнапаҿы иаҳкӡом зҳәо. Иабанӡаҳахәо убри аҩыза ахымҩаԥгашьа, ҳрықәныҟәар урҭ рыԥҟарақәа? 

Даҽакгьы сҳәар сҭахуп: адинхаҵарақәа рызнеишьа, рҟазшьарбагақәа аганқәа рацәоуп, аха иааидкыланы иуҳәозар ҩ-хәҭакны иушар ҟалоит. Рыуак ажәлар реиланхараҿы шықәсырацәала еидыркылаз ртрадициақәа дмырӡырц азы адинхаҵарақәа рыдкыланы ирымоуп. Аха уи иаваргыланы ицәырҵит уажәы иҿыцу аамҭа, иаҳҳәап, Америка аҳәынҭқарра шьақәдыргылеит еиуеиԥшым ажәларқәа, џьарак ианеиза дара зегьы еидызкылашаз идеологиак рымазар акәын. Убри азы урҭ даҽакала иазнеит адин: уаанӡа ишәымақәаз шәырҟәаҵ, ҿыцны шәҽеидышәкыл, ҿыц нхара, ҿыц динхаҵарала. Традициала ирымоу змырӡырц зҭаху ари аҩыза аидеологиа аамҭа кьаҿла иалаӡуеит, зегьы еиԥшхоит. Иҳадаҳкылозар Америка аидеологиа, ҳаззықәԥо ҳәа акагьы ыҟаӡам. Иҟазааит Иегова иақәшаҳаҭугьы, мап ацәызкуагьы. 

- Аԥсны аҳәынҭқарра актәи ахада иусԥҟа ыҟоуп, аха иназыгӡар акәды уи?

— Аусԥҟа аҩбатәи ахәҭаҿы иануп иахылаԥшыша ашәарҭадаратә усбарҭақәа. Адинқәа рзы иҳамоу азакәангьы "О свободе совести и о религиозных объединениях" азхоит ишахәҭоу еиԥш иаҳзынагӡар. 

- Аԥсны имаҷымкәа иҟоуп адинхаҵаратә хырхарҭақәа. Иаҳа ирыцклаԥшны изхәаԥштәыда ҳәа ишәыԥхьаӡои?

— Аԥсны иашацәҟьаны адинхаҵарақәа рацәаӡаны иҟоуп. Уи зыхҟьаз сгәанала, 60-тәи ашықәсқәа рнаҩс иаауа иалагеит ирацәаҩны ақьырсианра, аԥсылманра уҳәа адунеизегьтәи адин дуқәа рхаҭарнакцәа рыдагьы егьырҭ апротестанцәа ҳәа захьӡыз, иаҳҳәап Урыстәыла оума, аҽаџьароума мап зцәыркыз, ирышьҭаланы ианҭаркуазгьы ыҟан. Аԥсны исыздыруам убас изыҟалаз уеизгьы-уеизгьы ирышьҭаӡамызт. Уажәы Аҟәа уахәаԥшуазар Маиак араион аҿы ирацәаӡаны иҟоуп иаанхақәазгьы. 

- Излеиԥшыми Иегова ишаҳаҭцәеи абабтистцәеи, аӡә раку џьыршьоит. Еиԥшу мамзаргьы хазы-хаз иҟоу хырхырҭақоу?

— Иегова ишаҳаҭцәеи абабтистцәеи узеидкылаӡом, хымԥада. Ақьырсианцәа излареиԥшым ыҟоуп, аха уеизгьы иқьырсианцәоуп. Урҭ ирыдыркыло, изықәныҟәо аԥҟарақәа, аҳәынҭқарра иаԥырхагахо ыҟаӡам. Убри азы азин рымоуп дара уажәы азакәан ирыдыркылар азы аусура. 

Иҟоуп Аԥсны иҿыцу асектақәагьы. Заҟагьы мап рцәаҳкхьеи. Зны иааины абас-абас ҟаҳҵар ҳҭахуп анырҳәалак, ҳанақәшаҳаҭымхалак игьежьны ицоит. Акагьы мҳәаӡакәа, рхы дмырзакәа ашьшьыҳәа зус ҟазҵогьы ыҟоуп. Убри азы иацклаԥштәуп, иахылаԥштәуп. 

- Иегова ишаҳаҭцәа ашәҟәы иҭагалома?

— Мап, аиустициа аминистрраҿы ашәҟәы аҽҭагалара азин рымаӡам. Ара иҟарҵо зегьы закәандароуп. Аԥсны ақыҭақәа рҿы ирылаҵәаны иҟоуп ирацәаны.  

- Изакәанмкәа рус мҩаԥыргозар, ауаа ирыладырҵәозар ашьауӷа иақәдыршәартә мамзаргьы санкциақәас иҟарҵои урҭ рганахьала?

Ашәҟәқәа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ԥсылманраҭҵааҩ Григори Смыр амҽыша 80 шықәса ихыҵит

— Рыцҳарас иҟалаз уи ауп – мап рцәыркит ара русуразы, аха анаҩстәа санкциас ирықәыуҵаша убри цқьа еилырганы ирыдкылаӡам. Убри зегьы системак еиҿызкаауа нагӡаӡам. Иахьа уажә излаҟоу ала еизаны иахьнеуа, еимырпны амилициахь инаргеит ҳәагьы акымзара акы иахәом. Ирацәажәоит, ишыхҭам рҳәоит, идырԥхашьоит ауп. 

- Иахьа иуҳәар ауама Иегова ишаҳаҭцәа мҽхакы ҭбаала ирылаҵәаны иҟоуп  ҳәа? Исгәалашәоит, аибашьра ашьҭахь ирацәан, уажәы имаҷхазшәа збоит. 

— Адинамика еиҳа илаҟәызар ҟалап, аиаша ҳҳәозар. Рымҽхак ахьыҭбаахо, аибашьра зхызгаз аҭыԥқәа рҿы, ауаа агәаҟра ианакәшәа, усҟан ами Анцәа иахь ианхьаԥшуа. Убри аҭагылазаашьа рхы иархәаны 1993 шықәса ашьҭахь даара ирацәаӡаны аус руит.

Рдинхаҵарахь ихьадырԥшыз рацәахеит. Аха уажәы иҭышәынтәаланы ианыҟала аԥсҭазаара, ицәгьахеить рсектахь ауаа риагара. Уи иаанагаӡом Иегова ишаҳаҭцәа рахь аус руӡом ҳәа. Аҟәара уаваланы ушнеиуа, журналк аӡәы иудигалар ауеит. Убри ҩбыза методқәак рымоуп "бомбардировка внимания" ахьӡуп. Иаҳҳәап, аӡәы иуа дҭахеит, ма ҭагылазаашьа цәгьак даниеит, х-ҩык ԥшьҩык ицхраауа иалагоит, аҩны рзеилдыргошәа, акы аахәаны ирзааргошәа, убри аҩыза аҭагылазаашьа изаԥырҵоит "абарҭ ракәзаарын са сызҭаху" ҳәа дхәыцуа далагоит.  Убас даларгалоит хәыҷы-хәыҷла.

Рыцҳарас иҟалаз ашколқәа рҿы иҟаӡам адинқәа ртәы еиҭазҳәо, ауаа азыҟаҵаӡам, ҳашнеиуа Анцәа иӡбаху ҳалацәажәап ҳәа ианааудгылалак, иаразнак излацәажәо рзеилымкаакәа ишанханы иаанхоит. Уи ауп даргьы ззыԥшу, нас иахьырҭаху ацәажәара ахы дырхоит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0