00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:25
5 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:25
5 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
10 мин
Аиҿцәажәара
Даӷьсҭан азы ацхыраара, амҩақәа, арахә рызҵаара: Очамчыра ахада ихаҭыпуаҩ ицәажәара
13:17
3 мин
Аиҿцәажәара
On air
13:20
13 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Аицәажәара
Атуристцәа рхыԥхьаӡара аизырҳаразы алшарақәа: "Акурорт Пицунда" аменеџьер игәаанагара
13:43
6 мин
Аиҿцәажәара
Аҭыԥантәи апатырџьан аџьармыкьаҿы ианыҟало: анаплакы аиҳабы ицәажәара
13:49
14 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
10 мин
Посредник
On air
14:18
4 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
On air
14:44
2 мин
Интервью
On air
14:46
7 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Инырҵәаз аерман жәлар ргәалашәара иазкны анцәаимҵаныҳәара мҩаԥган Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаИхырҵәаз аерман жәлар ргәалашәара иазкны анцәаимҵаныҳәара мҩаԥган Гагра
Ихырҵәаз аерман жәлар ргәалашәара иазкны анцәаимҵаныҳәара мҩаԥган Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Османтәи аимпериаҟны инырҵәаз аерман жәлар рхаҭарнакцәа ргәалашәара иазкны, анцәаимҵаныҳәара мҩаԥысит Гагра.

ГАГРА, мшаԥы 24 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Османтәи аимпериаҟны аҭырқәцәа индырҵәаз аерман жәлар рхаҭарнакцәа ргәалашәара ахьӡала, Гагра ақалақь имҩаԥысит аусмҩаԥгатәқәа жәпакы. Раԥхьа иргыланы, Гагратәи абжьаратәи школ №3 аҟны еиҿкаан агәалашәаратә хәылԥазы. Араҟа аҵаҩцәа ирыԥхьеит рмилаҭ ирхыргаз ахьааи агәырҩеи зныԥшуаз ажәеинраалақәа, инарыгӡеит ашәақәа.

Анаҩс, аермантә-апостолтә уахәама ашҭаҟны ишьақәыргылоу, аерманцәа рнырҵәара иазку абаҟа амҵан имҩаԥган ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа. Уи иалахәын Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа, Гагра араион Ахадара, ауаажәларра.

Адунеи ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо аерманцәа мшаԥымза 24 аҽны иргәаладыршәоит 1915 шықәса рзы миллионки бжаки рҟынӡа аннырҵәаз ахҭыс - Sputnik Аҧсны
Аерманцәа рықәхра амш агәаларшәара мҩаԥысит Аԥсны

"Иахьа, мшаԥымза 24 рзы, адунеи иқәынхо аерманцәа зегьы рыжәлар рықәхразы имҩаԥгаз ацәгьоура иақәыӡбоит. Дара адунеи иаладырҵәоит, уи егьырҭ атәылақәа рыбжьы ақәдыргарц", — ҳәа азгәеиҭеит Гагра араион аерманцәа Рхеилак ахантәаҩы Хачик Минасиан.

Миллионки бжаки аерманцәа шьын аҭырқәа инапала.

Аԥсныжәлар аҿагылоит ари ахлымӡаах.

"Аԥсны иқәынхо аерманцәа реиҳарак, Ҭырқәтәылантәи иқәҵыз роуп. Ари адгьыл аҟны ҳрыдыркылеит, иахьа уажәраанӡагьы рыгәҭа ҳаҟоуп ҳхьаа еилызкаауа аԥсуа жәлар. Аерманцәа зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳганахь агәыразра аазырԥшыз, зыцхырааратә напы ҳзеиҵызхаз аԥсуаа", — иҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Гаик Челингариан.

Аермантә-апостолтә уахәамаҟны, иахьа иргәаҟны ишьыз рыхьӡала, ацәашьқәа адаркит Аԥсны араионқәеи Урыстәылеи рҟнытә иааз, шәҩыла аерманцәа рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0