Аурҭ иҟанаҵаз аԥхасҭа ахәшьара арҭоит Аԥсны анапхгаратә мчрақәа

© SputnikАурҭ иҟанаҵаз аԥхасҭа ахәшьара арҭоит Аԥсны анапхгаратә мчрақәа
Аурҭ иҟанаҵаз аԥхасҭа ахәшьара арҭоит Аԥсны анапхгаратә мчрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҟны шәкы инарыцны ахатәҩнқәеи административтә хыбрақәеи аԥхасҭа роуит мшаԥымза 23 рзы аҭыԥ змаз аԥсабаратә рыцҳара иахырҟьаны

АҞӘА, мшаԥымза 25 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны араионқәа рхадарақәа мшаԥымза 23 рзы аҭыԥ змаз аԥсабаратә рыцҳара иахырҟьаны аԥхасҭа иҟалаз ахәшьара арҭоит.

Гагра араион Ахада Заур Бганба ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит араион аҿтәи аҭагылазаашьа.

"Ҩнеихагылак аҟны ахыб ахнашәеит, 600-700 метр ԥшьыркца рҟынӡа. Уажәы адефекттә акт азырхиара ҳаҿуп. Аҽа ҩнык Цандрыԥшь ақыҭаҿ, аԥхасҭа аиуит. Уаҟа 300 метра ԥшьыркца рҟынӡа ахыб ахыхуп. Ақалақь аҟны автомашьына аҵла ақәҳаит. Амашьына аиҭашьақәыргылара алшартә иҟам. Аԥхасҭа аҭан араион аенергетикатә система, аха уажәазы зегь еиҭашьақәыргылоуп", — иҳәеит Бганба.

Гәылрыԥшь араион аҟны ақыҭа школқәа руак ахыб аԥхасҭа анаҭеит.

"Иҟоу аԥхасҭа ашьақәыргылара ҳаҿуп. Черниговка ақыҭаҿ ашкол ахыб ԥхасҭанатәит. Ахатәы ҩнқәагьы аԥхасҭа ахьроуз ыҟоуп. Ауаа ацхыраара рҭахуп. Фымцала аиқәыршәара апроблемақәа шацызгьы "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа уахи-ҽни аусурақәа ирҿуп", — иҳәеит Гәылрыԥшь араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Мирон Малыиа.

Еиҳа ирацәаны аԥхасҭа аҭоуп Очамчыра араион.

Апсныргылара азыхиоуп аурҭԥша ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра - Sputnik Аҧсны
"Апсныргылара" азыхиоуп аурҭԥша ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра

"Очамчыра араион аҟны уажәы аҭҵааратә усурақәа ирҿуп. 150 рҟынӡа хыбра аԥхасҭа роуит. Уаҟа, Гәыԥ ақыҭа Ахадара 130 метра ԥшьыркца ахнахит. Џьал ақыҭаҿ ақыҭа Ахадара ахыб 300 метра ԥшьыркца ахнахит.

Аԥхасҭа аиуит Ҷлоутәи аспортзал. Уаҟа 600 метра ԥшьыркца ахыб ахыхуп. Иҳалшо ҟаҳҵоит. Ҳазхьымӡо аганахь ала Аминистрцәа Реилазаарахь ацхыраара ҳаҳәалоит", — иҳәеит араион Ахада Хьрыԥс Џьопуа.

Аминистрцәа Реилазаара аинформациеи аҳәынҭпротоколи Русбарҭа аиҳабы Ельза Ҷанԥҳа илҳәеит араионқәа рхадацәа еизырго аинформациа зегьы атәыла Аиҳабыра рахь инашьҭхоит, уаҟа иара ҭырҵаауеит Беслан Ешба зхадараҟны дыҟоу акомиссиа ҷыда ҳәа.

"Макьаназы араионқәа рҟны агәаҭара иаҿуп аԥсабаратә рыцҳара иаанагаз аԥхасҭа ахышәа-ҵышәа. Аинформациа еизакы Аминистрцәа Реилазаарахь инашьҭхоит. Уаҟа иара ҭырҵаауеит", — лҳәеит Ҷанԥҳа.

Аԥсны ахы-аҵыхәа еимаздаз аурҭ ӷәӷәа асит мшаԥымза 23 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0