"Апсныргылара" азыхиоуп аурҭԥша ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра

© Sputnik"Апсныргылара" азыхиоуп аурҭԥша ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра
Апсныргылара азыхиоуп аурҭԥша ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭеилакы "Апсныргылара" аиҳабы Ҭемыр Тҟьебучаа далацәажәеит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра шымҩаԥысуа.

АҞӘА, мшаԥымза 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳәынҭеилакы "Апсныргылара" азыхиоуп иаарласны аурҭԥша иҟанаҵаз арыцҳарақәа рҭыԥ ақәҵара иҳәеит Ҭимур Тҟьебучаа.

"Ашәахьа ашьыжь инаркны ҳара ҳаструктура Тҟәарчал араион аҟны аԥша ахҟьа-ԥҟьақәа рхышәа-ҵышәа ашьақәыргылара иалагеит. Тҟәарчалтәи Акультура ахан 600 метра ԥшьыркца ахыб ахнахит", — иҳәеит иара.

Тҟьебучаа ишиҳәаз ала, аҳәынҭеилакы "Апсныргылара" Тҟәарчал ақалақь Ахадара ацхыраарала аамҭала ахыб еиҭашьақәдыргылеит.

Очамчыра араион аҟны аҭҵааратә усурақәа ирҿуп. Уаҟа, Гәыԥ ақыҭа Ахадара 130 метра ԥшьыркца ахнахит. Џьал ақыҭаҿ ақыҭа Ахадара ахыб 300 метра ԥшьыркца ахнахит.

"Аԥхасҭа аиуит Ҷлоутәи аспортзал. Уаҟа 600 метра ԥшьыркца ахыб ахыхуп. Гагра араион аҟны аԥхасҭа ахышәа-ҵышәа ашьақәыргылара ҳаҿуп", — иҳәеит Тҟьебучаа.

"Апсныргылара" аҟны ҳара иҳарҳәеит мшаԥымза 25 рзы Аҟәа ақалақь аҟны аҩнқәа рхыбқәа реиҭашьақәыргылара иалагараны ишыҟоу.

Акапиталтә ргылара Аусбарҭа Беслан Агрба арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит макьаназы инагӡаны ишышьақәыргылам иҟоу аԥхасҭа.

Араионқәа рхадацәа ҩымш рыҩныҵҟа иаздырхиараны иҟоуп аинформациа ҵаула иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0