Ашәахьа, лаҵарамза 8 ԥсшьарамшуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАмзар
Амзар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара мшаԥымза 26 рзы иаднакылеит ақәҵара аныҳәатә ԥсшьарамшқәеи аусуратә мшқәеи ирызкны.

АҞӘА, мшаԥымза 26 — Sputnik. Аԥсны лаҵарамза 8 ԥсшьаратә мшны ирылаҳәоуп. Абри аҩыза ақәҵара инапы аҵеиҩит Аԥыза-министр Беслан Барцыц мшаԥымза 26 рзы.

"Аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи еиҳа хра рыманы рхархәаразы асабша, лаҵарамза 6 усутә мшны ишьақәыргылоуп, ашәахьа, лаҵарамза 8 ԥсшьаратә мшны ишьақәыргылоуп", ҳәа аҳәоит ақәҵараҟны.

Ашәахьа, лаҵарамза 1 ареспубликаҟны ныҳәатә ԥсшьарамшуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0