Маҳмуҭ Черқьез: исҭахуп сыԥсадгьыл сбарц, сыуаажәлар рбызшәа саҳарц

© Foto / Сырма АшәԥҳаМаҳмуҭ Черқьез-Ергерон
Маҳмуҭ Черқьез-Ергерон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Маҳмуҭ Черқьез-Ергерон дынхоит Аҩадатәи Кипр, хылҵшьҭрала Кавказ ажәларқәа дырхылҵшьҭроуп, иара изанааҭ иабзоураны милаҭс дахьаҵанакуа шеиликааз атәы дазааҭгылоит Сырма Ашәԥҳа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Маҳмуҭ дынхоит Аҩадатәи Кипр ақалақь Никосиа. Иара хылҵшьҭрала Кавказ деиуоуп. Занааҭла дҳақьымуп. Аҩадатәи Кипри Аладатәи Кипри инхо Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа, иара убас аԥсуаа даараӡа ирацәоуп. Иҟоуп ақыҭақәа дара рыда уаҳа уаҩ дахьнымхогьы. Ишдыру еиԥш, Кипр ижәытәӡатәиу ҳәынҭқарроуп. Уи дгьылбжьахак аҳасабала астратегиатә ҵакы амоуп. Инхо ауаа рхыԥхьаӡара 300 нызқьҩык инарзынаԥшуеит. 

"Сара сышьҭра цқьа еилкааны исыздырӡом. Ари сара ҭаха сызымҭо хьаауп. Аха, ус егьа иҟазаргьы, сара исаҳахьеит амҳаџьырра иақәшәаз рхыԥхьаӡараҿы ишыҟаз сара сабшьҭрагьы. 1864 шықәсазы, сабду иаб иҭаацәа Кавказынтә Аладатәи Кипр иқәнагалеит. Ара диит саб иабду Ҳасан Маҳмуҭ-иԥа. 1940 шықәсазы диит сара сабгьы", — иҳәеит Маҳмуҭ.

Иан хылҵшьҭрала черқьес ҭыԥҳауп. 1974 шықәсазы, Кипр ашықәс хьанҭақәа раан, адгьылбжьаха Аҩадатәи Аладатәи ҳәа ианеиҩырша, Аҩадатәи Кипр знапаҿы иаазгаз аҳәынҭқарра Кавказ ажәларқәа рзы акыр шықәса ирыдрымкылоз аԥҟара аднакылеит. Урҭ рхатәы жәлақәа рхыхны, зегь неибеиԥшны "Ачерқьес" ҳәа ажәла рхырҵеит.

Жәашықәсала атәымџьара ахеиқәырхара иарааԥсахьаз ажәлар, уамак иаҿамгылакәа ирыдыргалаз азакәан егьа ирцәыуадаҩхазаргьы иақәшаҳаҭхеит.

"Ари аҩыза аԥсҭазаара ҳахдырра аиқәырхара ацхыраара аҭара залнамыршеит. Шьаҭанкыла ҳмилаҭ аҿиара атәым культура иахьыԥшхеит. Кавказынтә раԥхьа иааз сабду иабду Маҳмуҭ ихьӡын, уи иԥа Ҳасан. Ара иаартны ирыман автомашьынақәа ахьыҟарҵоз аҭыԥ. Хьӡысгьы иаман "Маҳмуҭ-Черкез", — ҳә азгәеиҭеит Маҳмуҭ.

Иабду еснагь Кавказ аӡбахә иҿыҵакын. Аха, уи аҵакы ҽеила еилкааны ҳара иабаҳдыруаз? Ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз иабду иажәақәа игәалашәацыԥхьаӡа, амцеиԥш деицралоит. Уи ус иҳәалон: "Кавказаа агәаӷь зызҭоу, зычҳара гәӷәоу, ахаҵара злоу, аӡәы иҿаԥхьа ахыларҟәра ззымдыруа, зхатә ҵасқәа змоу, ҟазшьала даҽа милаҭк иаламҩашьо жәларқәоуп", ҳәа.

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Сима Агрԥҳа - Sputnik Аҧсны
Сима Агрԥҳа: сахьеизҳауаз аҭаацәараҿы аԥсуара аԥҟарақәа ирықәныҟәон

"Сара сабду иажәақәа сахьцалак исыцуп. Хымԥада, Кавказ сшатәылауаҩу сахьыҟазаалакгьы исгәаланаршәоит. Иара иаҳаҭыр азы снапаҿы ианысҵеит ахаан ианымҵуа аҩыра — "Адыга". Уи сара сзы акыр игәадууроуп", — иҳәоит Маҳмуҭ.

2000 шықәсазы иара Ҭырқәтәыла, Сҭамԥылтәи ауниверситет амедицинатә факультет дҭалеит. Дҳақьымхарц аза агәаԥхара иоуит 13 шықәса анихыҵуаз инаркны. Анаҩс, иҵара иациҵеит Англиа. Уа ҵара аныхиркәша, ауниверситет иатәу ахәышәтәырҭаҿы, агәи-адеи рчымазара иатәу аҟәшаҿы аусура далагеит. Уи ҭыиҵаауеит агенетикатә хырхарҭала. Еиуеиԥшым аҳәынҭқарра дуқәа рҿы, агәыи-адеи рчымазарақәа шьҭрала риасра аҭҵаара, ауаатәыҩса рҟны аԥышәарақәа мҩаԥыргахьеит. Китаи, иара убас егьырҭ атәылақәа жәпакы рҿы.

"Ҳара ҳахәышәтәырҭаҿгьы имҩаԥысуа аҭҵаарақәа, арҭ ачымазарақәа ашьҭратә ҵакы змоу аиниекциа азыԥшаара ҳазааигәахеит. Ари аус аҭҵаарадырраҿы даараӡа аҵак ду амоуп. Хаҭала сара еилыскаарц сҭахын шьала-дала милаҭс сзеиуоу. Убри аҟынтә имҩаԥызгеит ДНК агәаҭара", — иҳәоит Маҳмуҭ.

Уи излашьақәнарӷәӷәаз ала, ииашаҵәҟьаны иара хылҵшьҭрала Кавказ сеиуоуп. Ииҭахуп иԥсадгьыл ибарц, иуаажәлар рбызшәа иаҳарц, иабдуцәа зныҵыз адгьыл ишьапы ықәиргыларц. Ауаатәыҩса зегьы хәыцрак-хәыцрак рымоуп, гәыӷрала еибарку ари аԥсҭазаараҿы досу иара ишьҭа аниҵоит.

Иҭоурыхтә ԥсадгьыл абара — игәыӷрақәа здиҳәалоу, дахьцалак иицу хәыцроуп. Иара раԥхьаӡа акәны инапы иакит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа ҳамҭас ирҭаз, аԥсышәала ицәажәо ажурнал "Аԥсынтәыла сара стәыла".

"Уи акырынтә абӷьыцқәа еихсыршәшәалап, сыԥсадгьыл асахьақәа сгәалаҟара шьҭнахлап!"

Ажәабжьқәа зегьы
0