Сима Агрԥҳа: сахьеизҳауаз аҭаацәараҿы аԥсуара аԥҟарақәа ирықәныҟәон

© Foto / Сырма АшәԥҳаҬырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Сима Агрԥҳа
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Сима Агрԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа, уи иадҳәалоу агәалашәарақәа дырзааҭгылоит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Сима Агрԥҳа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа                                

Сима Агрԥҳа Ҭырқәтәыла диизаргьы, шьҭрала даԥсыуоуп. Диит ақалақь Сақариа азааигәара иҟоу Бычкыдара ақыҭаҿы. Лаб Сельаами Агрба ԥхьатәара иҟоу еинралуп. Лан Аҩӡԥҳауп, Шьивеқьар лыхьӡуп. 

"Сара сазгәыдуны иазгәасҭарц сҭахуп сахьеизҳауаз аҭаацәараҿы аԥсуара аԥҟарақәа ишрықәныҟәоз. Аиҳабы идыруан иара итыԥ, аиҵбы иакәзаргьы убас. Ҳахьынхоз ақыҭаҿы аԥсуаа иреиуамыз уаҩ дыҟамызт", — ҳәа азгәалҭеит Агрԥҳа.

Езель Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Езель Ақаҩба: сыԥсадгьыл гәыблыла саднакылап, сыԥсҭазаараҿы исхамшҭуа ахҭысқәа срықәшәап

Раԥсуара рыбла аҷыц еиԥш иныҟәыргон, ус ауп иахьагьы. Хымԥада уи дыршаҳаҭуеит уахьынаԥшааԥшлак улаԥш иҵашәо аԥсуа цәа зыҟәну амаҭәахәқәа. Амӡырха ианаақәлалак раԥсуара, раԥсшәа ргәалазыршәо ак рылаԥш ианааҵашәалак, Аԥсны иҟоушәа рӷәы иабон. Аԥсадгьыл иацу агәхьаагара иахьыҟазаалакгьы ирныруеит.  

"Сара хҩык ахшара срануп. Сыԥшәма Аӡа Ҳалуқ, ашьхарыуа жәларқәа дреиуоуп. Ҭырқәтәыла, Қәыҭаҳиатәи ауниверситет салгеит аекономика азанааҭ ала. Адоктортә диссертациа сыхьчеит Бурсатәи ауниверситет аҿы. Аус зуеит Сақариа иҟоу ауниверситет аҿы, аҳәаанырцәтәи аекономика афакультет напхгара азызуеит", — ҳә азгәалҭеит Сима Агрԥҳа.

Иара убас, аамҭа-аамҭала Лондонтәи ауниверситет аҿы астудентцәа рзы алекциақәа дрыԥхьарц азы днарыԥхьалоит. Кавказ ажәларқәа ирызку имаҷымкәа аусумҭақәа лыҩхьеит. Иара убас, лзанааҭ аганахь ала ашәҟәқәа ҭлыжьхьеит. Лыҭҵаарадырратә усумҭа азкуп "Аимак-аиҿак аус аҟны аҭаҳмада, мамзаргьы аиҳабы ироль". 

Лара дхәыҷаахыс лҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны аӡбахә лассы-лассы илаҳалон. Еиҳаракгьы лаб иҟынтәи. Аамҭа уадаҩқәа раан, аиҭанааирақәа аныуадаҩыз, Аԥснынтә ицоз иаауаз дрызҿлымҳан, ирԥылартә еиԥш алшара рыман. Рыҩнаҭаҟны уи иадҳәалаз ажәабжьқәа аҳра руан.  

"2009 шықәса рзы, сҭаацәа срыцны Аԥсныҟа сааит. Избаз-исаҳаз акыр иџьасшьеит. Аԥсны асоциал-економикатә ҭагылазаашьа сазҿлымҳан. Усҟан игәасҭеит Аԥсны атуризм аганахь ала апотенциал шамоу. Сара напхгара ззызуа афакультет аҿы, аҵара рҵоит ҩажәаҩык инареиҳаны Аԥснынтәи астудентцәа. Урҭ даараӡа рҽадцаланы аҵарадырра иазнеиуеит. Уи хымԥада угәы азнарҳауеит", — ҳа лҳәеит Агрԥҳа.

ҭырқәтәылатәи актиор Аҳмеҭ Кәытси Карадага - Sputnik Аҧсны
"Сгәы иҭоу Дениз" аԥсышәала ицәажәеит

Аԥсныҟа ианыхынҳәуа ззанааҭ бзианы издыруа, узықәгәыӷша ракәны ишыҟало агәра лгоит. Лара луниверситет аҟны шықәсқәак раԥхьа иаадыртит Кавказ аҭҵаара иазку ацентр. Уи напхгара аиҭоит шьҭрала Кавказ еиуоу, адыга ҭоурых-ҭҵаарақәа рдоктор Иумиҭ Еқьин.

"Аԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп Кавказтәи абызшәақәа рҵара иазку аҟәша аартра. Еидаҳкылоит Кавказ аҭоурых здыруа, уи ҭызҵаауа аспециалистцәа рҩымҭақәа, аус рыдаҳулоит Кавказтәи атәылақәа ирызку анҵамҭақәа, анаҩс иҭҳажьуеит", — ҳәа азгәалҭеит Агрԥҳа. 

Лара аԥсшәа ахьылзымдыруа даараӡа игәнылгоит. Лаб ажәа лиҭахьан, мызкы иалагӡаны аԥсшәа лирҵарц Аԥсныҟа дганы. Аха, уи залыршамхеит. Аԥсны аибашьра иалагеит. Лаб ииҳәаз ахьизынамыгӡаз, лан ахара лыдҵауа иазгәеиҭеит: "Ан лбызшәа зырҳәо, ан лхәыҷы илырҵароуп ихатәы бызшәа азоуп". Лара лыгәҭакқәа иреиуоуп аԥсшәа аҵара, усҟан инаӡоу анасыԥ лыманы лхы лыԥхьаӡоит. Илҭахуп Аԥсны еизҳарц, економикала иӷәӷәахарц, аҿиара ҟаларц. Аԥсуаа ҳахьӡ-ҳаԥша адунеи иалаҵәарц.   

Ажәабжьқәа зегьы
0