Sputnik, Бадри Есиава
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ианалага инаркны аефир ахь аԥсуа бызшәа анеира ԥкхеит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа уи иазыԥхьагәаҭаз шьаҿаны иахәаԥшуеит. Аԥсуа радиодырраҭара аркра амзыз азыԥшаан. Владимир Занҭариа иҳәоит ахақәиҭра "ҿамҩа" Аԥсуа радио ианаиуз Сталин иԥсра ашьҭахь ауп ҳәа.
"Сталин даныԥсы ашьҭахьгьы аамҭақәак арадио ақәыӷәӷәарақәа аман. Лавренти Бериа иԥсы ҭан. Уаанӡеиԥш анапхгаратә ҭыԥқәа рҟны итәаз қырҭцәан. Аԥсуа радио аусуҩцәа инагӡаны рус ҟарҵартә еиԥш аҭагылазаашьа рымамызт", — иҳәоит Занҭариа.
Иара иажәақәа рыла Сталин иԥсра ашьҭахьи Бериа ишьра ашьҭахьи рзоуп аамҭақәа. Аԥсуаа ассимилиациа рзура аӡәгьы мап шацәимкуазгьы ԥсеивгарҭак ҟалеит.
1957 шықәса рынахыс амассатә информациа ахархәагақәа аԥсышәала русура хацдыркит, иаадыртуа иалагеит аԥсуа школқәа.
Аҭагылазаашьа анырра анаҭеит Гьаргь Ӡиӡариа, Баграт Шьынқәба, Константин Шьаҟрыл СССР анапхгара рахь ирҩыз ашәҟәгьы.
"Ашәҟәы аԥсуаа рҭоурых аҟны аиҭакра дуқәа ҟазҵаз акакәны иҟоуп. 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭаз Москвантәи Аԥсныҟа иааит акомиссиа ҷыда, амилаҭтә политика аилагарақәа ҭызҵаауаз. Ақырҭцәа рцензура шыҟазгьы 1992 шықәсанӡа аԥсуа культура аизҳара аманы иҟан", — иҳәоит Занҭариа.
Владимир Занҭариа "Аԥсуа радио" абду ҳәа изиҳәоит Артиом Амқәаб. Уи ицхыраарала еиҭахацыркхаз арадиодырраҭарақәа еиҳа-еиҳа иҿио иалагеит: ауаажәларра-политикатә дырраҭарақәа рыдагьы ицәырҵит алитературатә, амузыкатә, акультуратә дырраҭарақәа.
Усҟантәи аамҭақәа рзы арадио аҿиара ашьаҭаҿы игылаз иреиуоуп: Семион Адлеиба, Владимир Ҳашба, Владимир Ҵәыџьба, Едуард Ӡыба, Константин Герхьелиа, Елена Гәынԥҳа, Фениа Оҭырба, Гьаргь Жанаа, Иван Саӡба, Ҭина Қорсаиаԥҳа.
Арадио адикторцәас аус руан Гьаргь Гублиа, Никәала Кәыҵниа, Анатоли Зыхәба.
Арҭ ауаа реиҳараҩык аус руан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагозынӡа, иҟоуп иара ашьҭахь аус зуазгьы. Урҭ иреиуоуп Елионора Барцыцԥҳаи Ҭина Қорсаиԥҳаи.