Манана Шамԥҳа Вилли Чақмач-иԥа изы: ашәаҳәаҩ бзиа, аҩыза бзиа

© Фото : из архива Госфилармонии АбхазииВилли Чақмач-иԥа иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы лаҵарамза 3 рзы 70 шықәса ихыҵуазаарын
Вилли Чақмач-иԥа иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы лаҵарамза 3 рзы 70 шықәса ихыҵуазаарын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рартист, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа асолист Вилли Чақмач-иԥа иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы лаҵарамза 3 рзы 70 шықәса ихыҵуазаарын. Лҩыза дылгәалалыршәоит Аԥсны жәлар рартистка Манана Шамԥҳа.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

Вилли Чақмач-иԥа 1977 шықәса рзы Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рансамбль асолистс аусура далагеит. Манана Шамԥҳа еиҭалҳәоит, Амузыкатә ҵараиурҭа адиректор Алықьса Чычба ақыҭақәа дрылаланы аҟазара змаз аҿар дышрышьҭыз, урҭ дреиуан Вилли Чақмач-иԥа, даарылукаауа дыҟан иара.

Сира Авидзба - Sputnik Аҧсны
Аҩӡԥҳа: ансамбльқәеи, ахаԥшьгаратә коллективқәеи рыҟны инеиуа аҿар реиҳарак ҳаушьҭымҭацәа роуп

"Алықьса Чычба аҵараиурҭаҿ аинтернат ааиртит. Еидиҟәшәалаз аҿар уа инхон. Вилли аҵарагьы иҵон аусгьы иуан 1969 шықәса рзы еиҭаԥҵаз акапеллаҿы", — лҳәоит Шамԥҳа.

Манана Шамԥҳаи Вилли Чақмач-иԥеи акрааҵуан еибадыруеижьҭеи, аха аус еицыруа иалагеит Аԥсны жәлар реибашьра ашьҭахь, Аҳәынҭқарратә хортә капеллаҿы.

"Акапеллаҿ ашәа зҳәоз акыр ҳмаҷхеит аибашьра ашьҭахь. Ирацәаҩын атәыла иалҵны хныҟәгараҳәа ицаз. Усҟан дирижиорс иҟаз Нодар Ҷанба Аҳәынҭқарратә ансамбль ахь аҳәара ҟаиҵеит ацхыраараз. Инеиз маҷҩым, аха зегь заанымгылеит, избанзар академиатә шәаҳәара уадаҩуп. Иаанхеит атенор Вилли Чақмач-иԥеи абаритон Омар Ӡинӡабаӡеи", — лҳәоит ашәаҳәаҩ.

Шамԥҳа лажәақәа рыла атенортә партиақәа зегьы назыгӡоз Вилли иакәын.

"Анота ҳаракқәа ргара илшон. Тенорк иҳасабала Вилли еиԥш зеиԥшыз дыҟамызт. Тенорцәаны иҳамазгьы Ардашьыл Аҩӡба, Борис Амҷба, Вилли Чақмач-иԥа роуп. Даара дҟаза дуун", ҳәа дылгәалалыршәоит Манана.

Ашәа "Аҳаҳаи, амарџьақәа, шәеиҵамхан!" Вилли Чақмач-иԥа изы визиттә карточканы иҟан лҳәоит лара.

"Ашәа иҩит Оҭар Хәынцариа. Уи ашәа ахаангьы Вилли ибжьы иадыскылалоит. Иара иааиҳәоз зегьы бзианы акәын ишиҳәоз", ҳәа азгәалҭоит Шамԥҳа.

Вилли аамҭақәак рзы Амузыкатә ҵараиурҭаҟны рҵаҩыс дыҟан, амузыка иҩуан, афортепиано аҿы ибзианы дыхәмаруан.

"Сара схаҭа инасыгӡон Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Амра ԥхозар ицқьаӡа" иалхны ииҩыз ароманс. Аус ицура мариан. Дуетла ашәақәа еицынаҳагӡон".

Аусура аганахь ала акәзар ааԥсарак издыруамызт.

"Исылшом ҳәа зныкгьы имҳәацызт. Адискқәа анҭааҩуаз иаразнакала ианиҵон иашәақәа. Арҽеирагьы аҭахымызт. Иан лыԥсҭазаара даналҵыз агастрольқәа рахь ҳаҟан. Дааны, иан анышә дамаданы иҽаҳхьигӡеит. Изанааҭ ахәшьара аиҭон. Иҩныҵҟатә ҭагылазаашьа ахәаԥшҩы иирбомызт. Аҟаза дуӡӡақәа роуп усеиԥш зылшо", — лҳәоит Манана Шамԥҳа.

Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар роркестр аԥҵоуп - Sputnik Аҧсны
Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар роркестр аԥҵоуп

2000 шықәса рзы Вилли иаԥиҵеит ахацәа рфольклортә ансамбль "Чегьем". Аҵыхәтәантәи имш аҟынӡагьы напхгара аиҭон. Уахь инеиԥхьеит ашәаҳәаҩцәа бзиақәа.

"Аколлектив бзиа еиҿикааит, аха иара даныҟамла ашьҭахь еилаҳаит", лҳәоит лгәы иаланы Манана.

Вилли иҟамзаара ареспублика акультуратә ԥсҭазаара хьыцҳанатәит ҳәа илшьоит ашәаҳәаҩ. Иагьазгәалҭеит иахьа иҳалагылам ашәаҳәаҩцәа, амузыкантцәа ргәалашәара еиҳа азхьаԥшра аҭахны ишыҟоу.

"Аԥсны аҭоурых иазку ашәҟәы аҟны иҟазароуп акультура ахәҭагьы. Ахәыҷқәа, аҿар ирдыруазароуп арҭ ахьӡқәа. Дыҟан афольклорист ду – Иван Кортуа. Уи ақыҭақәа дрылаланы еизигон амилаҭ ашәақәа. Иахьа ҳхәыҷқәа Шәарах Ԥачалиа, Лео Касланӡиа, Минадора Зыхәԥҳа, Лиудмила Логәуаԥҳа, Елена Џьыкырԥҳа зусҭцәада ҳәа уразҵаар ирыздырӡом. Дара – ҳара ҳартистцәа дуқәа, ҳашәаҳәаҩцәа дуқәа роуп. Нас иҟаҳҵо ззыҟаҳҵои?", — лҳәоит Шамԥҳа.

Лара лгәаанагарала амилаҭ ззыгәдуша ауаа рхаршҭра ҟалом. Вилли Чақмач-иԥа 2010 шықәса рзы ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0