Валери Аҩӡба: Мидар адәаҿы игылоу аҷандар ҵлақәа ашәышықәсақәа рҭоурых иахаануп

© Фото : Адгәыр ГәынбаАҷандар ҵлақәа (аӷшҵлақәа)
Аҷандар ҵлақәа (аӷшҵлақәа) - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҷандар ҵлақәа (аӷшҵлақәа) рҭоурых иазку аҳәамҭа дазааҭгылоит аҷандаратәи абжьаратә школ адиректор Валери Аҩӡба.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аԥсны аԥшӡареи, аԥсабара азҩыдареи ихнамхыц дарбану?! Шаҟа еибашьра, шаҟа иааира ирхаанузеи аԥсуаа? Шаҟа иҵаулоузеи ҳаԥсуа қыҭақәа рҭоурых. Убарҭ ируакуп зыбла ҷыц еиԥш заԥсуара мырӡкәа иахьныҟәырго Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа.  

Ирҳәоит, ажәытә Аҷандара ақыҭа, Мидар адәаҿы игылоу ашәышықәсақәа ирхаану аҷандар ҵла амҵан еизаны ақыҭауаа аизарақәа, аилацәажәарақәа мҩаԥыргон, насгьы убракәын иахьырыӡбоз рхатә усқәа ҳәа. Иахьа уажәраанӡа ари аҭыԥ иԥшьоу ҭыԥуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Избан аҷандар ҵла абриаҟара аҵакы зыӷәӷәоу, изамоу ахатә ҭоурых? 

Охота - Sputnik Аҧсны
Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа дшышәииз: ашәарыцара иазку жәлар рҳәамҭақәак

"Анкьа ақәылацәа ааны Аԥсны анеимырҵәоз ҳара ҳкыҭа уи еиԥш иҟаз аҭагылазаашьа изацәцомызт.  Убас дынхон рҳәоит аашәҟа шықәса раԥхьа абра, Ҷан ҳәа иҟаз ауаҩԥсы. Убри даара пату зқәыз, ҳаҭыр змаз, ақыҭаҿы унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз ԥсуа ҵеи иакәын. Ақыҭаҿы дыҟаӡамкәа ҽнак, Нхыҵынтәи арҳәцәа, ақәылацәа ааит. Ақыҭа иақәлеит, урҭ џьаԥҳаныла, бџьарла еибыҭан, рхыԥхьаӡарагьы рацәан. Ақыҭа еимҵәаны, ҳазҿаԥшуа ҳашьхақәа рыла, ирымпыхьашәоз зегьы рыманы идәықәлеит.

Ҷан ныҟәарантәи дхынҳәны данааи, иқыҭа еимҵәоушәа ианиба, иаразнак иабџьар аашьҭыхны, ашьха ахыҵра акагьы шрыгмыз дрыхьӡаны, ишахәҭаз еиԥш аԥсуаҵас, ус дцәыҵатәаны маӡала акәымкәа, "иаажәго сыуаажәлар аушәышьҭ", ҳәа реиҳәеит. Сызусҭо абри соуп аниҳәа, датәамбаӡакәа иааихыччашәа ааҟарҵеит. Ашьҭахь, ирымуӡошәа аниба, рызегь ҭарханы, аԥсыуа хаҵак иаҳасаб ала дрызныҟәеит. "Уахьнеиуа уыуаажәлар ираҳә", ҳәа ашәаџьҳәаҩ Нхыҵҟа доуижьҭуеит. Иаргьы ахыӷәӷәа иқәшәан ӷәӷәала дхәын. Дылбааргарц азы, алабазаҵә данҵаны дызлааргаз иадырсқәаз роуп рҳәоит ҳқыҭаҿы", — ҳәа иҳәеит Валери Аҩӡба.  

Мидар адәаҿы игылоу, аҭоурых иаҿахәҳәагоу аҷандар ҵлақәа, рықәра акырӡа ирацәоуп. Дара зықәгылоу адгьыл аҭыԥ акәзар, иԥшьоу ҭыпны ирыԥхьаӡоит. Аӷшҵлақәа уажәеиҳа иҵегьы иҳаракны иҟан, аха рықәра анааи, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду анцоз аамҭазы, 1941-1945-тәи ашықәсқәа рзы, Ачба ихәдаара ҳәа иахьыҟоу, убрантә ар анцоз, машәырла амца рыцәҭалан агәыцә рцәыблит, ақәцәқәа хыжәжәеит аха, ашьҭахь еиҭа аҽеиднакылеит, акыҭа иԥшӡаӡа иагәылагылоуп.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы, иара Асовет мчра ҟалаанӡагьы, ақыҭа абыргцәа еизон, усҳәарҭас ӡбарҭас ирыԥхьаӡон. Дара ирҳәоны излаҳаҳахьо ала, руапақәа нкаршәны, аӡәы ииашамкәа ихы мҩаԥигама, зылԥха ҳауша аныха ашҟа дмышьҭӡакәа, абра ихәҭоу дақәдыршәон, абра иқәыӡбон. Ақәра ҳәа анидырҵалак, "абарҭ аӷшқәа рылахь соуааит аниҳәа" уи еиҳаз ҟалаӡомызт. Аҵлақәа рымҵан, доусы ирҳәоз ражәа нарыгӡон. 

Арҭ аҷандар ҵлақәа рзааигәара игылоуп ақыҭа иалҵны аибашьра адәаҟны иҭахақәаз афырхацәа рбаҟақәа.  

Кавказ ажәларқәа ирызкыу ажурнал - Sputnik Аҧсны
Кавказ ажәларқәа ирызкыз раԥхьатәи ажурнал

"Еиҭасҳәарц сҭахуп хҭыск. 2001 шықәса рзы Кәыдрытәи аҩхааҿы ахҭысқәа анымҩаԥысуаз, убасҟан араион аҟны ирыԥхьаны инаганы дҵас ирырҭеит қыҭацыԥхьаӡа жәохәҩык, ҩажәаҩык рҟынӡа аҵеицәа аӷа иҿагыларц азы. Аиашазы, ҳаҷкәынцәа аибашьра егьацәшәомызт, убарҭ арахь иааины, аҿаҭахьа ҟаҵаны, ҭоуба уны, абарҭ аӷшҵлақәа нықәны, ҳаӷа дықәҵаанӡа ҳшымгьежьуа ҳәа ҭоуба руан.  

Қыҭацыԥхьаӡа ажәлақәа рацәаны ҳцоит ҳәа иалагеит, аха ирымукәа, иахәҭоу ахыԥхьаӡара ҳәа азгәарҭеит. Мхонџьиа Заканбеи ҳәа дыҟан. Дара ҭаацәала, абык иааихылҵыз рышьҭра жәахаҩык, жәиԥшьҩык рҟынӡа аибашьра иаҿагылан. Анцәа иҟынтә аибашьра еибганы иалҵит рызегьы", — иҳәеит Валери Аҩӡба.

Сыҷкәынцәа ахьцо саргьы сцоит, сара сҭахар егьаурым, иҳәеит Заканбеи. Аха, иара дмышьҭыкәа дандырхынҳә, аҵлақәа рымҵан днагылан, убас еиԥш аҿаҭахьа иқәиҵеит: "Шәа шәеибганы шәхынҳәыр, ҳазшаз аԥаимбар иахь аҿаҭахьа ҟасҵоит, ԥшьшьапык зҵоу шьны, агәаҵәа шисырбо", ҳәа. Иара адунеи иԥсахит, аха иҷкәынцәа нас қыҭацыԥхьаӡа, Дәрыԥшьаа, Хәаԥаа, Лхаа уҳәа ақыҭақәа рҟынтә аҷкәынцәа ирыцеибашьуаз, убарҭ абра иааганы, иара дыҟам аха, аныхаԥааҩ Заур Чычба дааганы икәырбан ҟарҵеит. 

Аԥсҭазаара бзиа хазшаз иҳаҭәеишьааит. Аԥсны ԥеиԥш лаша амазааит! Ҳҭоурых ҳмырӡкәа еизҳауа абиԥарақәа рызнагашьа ҳақәшәааит. Абас иажәа хиркәшеит Валери Аҩӡба.

Ажәабжьқәа зегьы
0