Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
Ашәҟәыҩҩы, ажурналист Шьалуа Константин-иԥа Басариа диит 95 шықәса раԥхьа, лаҵарамза 5 1922 шықәса рзы, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Даныхәыҷыз инаркны ақыҭа ԥсҭазаара иалагылаз аҷкәын аџьабаа абзиабара адагьы адырра ҭбаа аиура игәаҳәон.
"Аиҳабыратә классқәа рҟны дзыԥхьоз, иибоз, иаҳауаз ақьаад ахь риагара иҭаххо далагеит. Ажәеиҭаҳәарахь иоуз агәаҳәара ихаҭа акарҿиарахь ихо далагеит. Ауаа ирыдигалар иҭаххеит икалам иҵихуаз", ҳәа аҳәоит Шьалуа Басариа 90-шықәса ихыҵра иазкны агазеҭ "Республика Абхазиа" ианыз астатиаҿы.
Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа игәаанагарала Шьалуа Басариа аԥсуа литератураҿ илагала акыр ишьарданы дахәаԥшуеит.
"Шьалуа Басариа аԥсуа литературазы иҟаиҵаз маҷӡам. Иажәабжьқәеи иповестқәеи аҵак ду рыманы иҟоуп", — иҳәоит Лагәлаа.
Шьалуа Басариа ирҿиамҭақәа "Имӷьаӡо ахәра", "Аиашьа иԥшаара", "Ан лахь ашәҟәы" уҳәа рҟны ишьҭыху атемақәа акыр рыҵаркуа иҟоуп аԥхьаҩ изы. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны иқәыргылан иакымкәа иҩбамкәа ипиесақәа.
Абжьаратә ҵара даналга ашьҭахь Шьалуа Басариа аусура далагоит алагарҭатә школ аҟны аҵараҟәша аиҳабыс. 1941 – 1951шш. рзы агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҟны литературатә усзуҩыс дыҟан, нас аҟәша аиҳабыс.
Апартиатә школ ажурналистика афакультет даналга ашьҭахь агазеҭ аҿы иусура иациҵоит аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыси аредактор хада ихаҭыԥуаҩыси. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы напхгара аиҭон Аԥснытәи ашәҟәҭыжьырҭа.
"Шьалуа Басариа абиԥара ҿа алитература ралагаларазы аџьабаа ду ибон. Имҩаԥигон асеминарқәа амилаҭ литература иазкны. Ихаҭа иакәзар аԥсуа литература бзиаӡаны идыруан", — иҳәоит Лагәлаа.
1959 шықәса рзы Шьалуа Басариа СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәылахеит.