Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иалахәыз амедикцәа амедалқәа ранашьоуп

© Sputnik, Бадрак Авидзба Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иалахәыз амедикцәа амедалқәа ранашьоуп
Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иалахәыз амедикцәа амедалқәа ранашьоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә онкологиатә центр аҟны имҩаԥысит 1992-1993шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан агоспитальқәа рҟны аус зуаз амедицинатә усзуҩцәа амедалқәа ранашьара ацеремониа.

АҞӘА, лаҵарамза 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Агәымшәараз" амедалқәа ранашьан 1992-1993шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан агоспитальқәа рҟны аус зуаз Алла Лакобеи Мирон Папбеи.

"Амедалқәа занашьоу Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа Владимир Манукиани Аркади Харабуеи Гагра ирыҭахоит. Ара амедалқәа зҳаркуа Алла Лакобеи Мирон Папбеи роуп", — иҳәеит аибашьраан Афон ҿыцтәи агоспиталь аиҳабыс иамаз, уажәы Амилаҭтә онкологиатә центр аҳақьым хада Лев Аргәын

Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа аибашьраан агоспитальқәа рҟны аус зуаз ранашьара аԥшьигеит усҟантәи амедицинатә маҵзура анапхгаҩы Оҭар Осиа.

"Аибашьра ашьҭахь асанинструкторцәа, амедицинатә цхыраара амашьына арныҟәцаҩцәа, ажәакала актәи ацәаҳәаҟны иҟаз ракәын аҳамҭақәа занаршьоз. Уи актәи аетап акәын. Уажәы аҳақьымцәеи амедицинатә еиҳәшьцәеи рахь ҳаиасуеит", — иҳәеит Лев Аргәын.

Шәҩыла амедицина аусзуҩцәа, шьарда ԥсҭазаара зыхьчаз, еиқәзырхаз иахьагьы иахәҭоу азхьаԥшра рмоуцт иҳәеит Аргәын.

Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа занаршьаз ракәзар ирзыруз аҳаҭырқәҵара ҭабуп ахырҳәааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0