АҞӘА, лаҵарамза 9 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аиааира амш аҽны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа дырԥылеит. Асовет ԥсадгьыл ахьчаҩцәа адунеи зегьы афашизм аҟынтәи ахы иақәиҭыртәитиҳәеит иара аиԥылараан.
"Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, азин сышәҭ гәыкала иԥшьоу аныҳәа ду, Аиааира амш шәадысныҳәаларц", — иҳәеит иара.
Атәыла Ахада иазгәеиҭеит дара рфырхаҵара хашҭра шамоуа.
"55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи еибашьра ҳәа амҩа иқәлеит. Дара рфырхаҵара иахьагьы иҿырԥшыгоуп еиҵагыло абиԥара рзы", ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аибашьцәа аҭынч ԥсҭазаараҿгьы фырхацәаны рхы шаадырԥшуаз.
"Ҳара иаҳҭахуп ашықәс рацәа нышәҵырц. Изызҳауа аҿар аҭоурых хҭыс ду аӡбахә рзеиҭашәҳәаларц", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Аветеранцәа ракәзар, атәыла анапхгаҩы ҭабуп ҳәа иарҳәеит ириҭо агәцааракразы.
55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи еибашьра ҳәа амҩа иқәлеит. Урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык аиааира рхы ақәырҵеит. Ареспублика атәылауаа 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду рыхҵан.