Гагра ақалақь аҟны аҭыԥҳа қәыԥш аԥенџьыр аҟынтәи дыԥеит

© Sputnik / Табылды Кадырбеков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГагра ақалақь аҟны аҭыԥҳа қәыԥш аԥенџьыр аҟынтәи дыԥеит
Гагра ақалақь аҟны аҭыԥҳа қәыԥш аԥенџьыр аҟынтәи дыԥеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
17-шықәса зхыҵуаз аҭыԥҳа қәыԥш аԥенџьыр аҟынтәи дыԥаны лҽылшьит лаҵарамза 9 рзы.

АҞӘА, лаҵарамза 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Елизавета Раджабова 6-тәи аетаж аҟынтәи дыԥаны лҽылшьит Гагра ақалақь аҟны, ҳәа Sputnik иазааицҳаит Гагра араион Аҩныҵҟатәи аусқәа реиҳабы Асҭамыр Хагәышь.

Гагратәи аморг асудмедексперт Ашот Чакриан иажәақәа рыла аԥсыбаҩ аморг ахь инаган аҩаша, лаҵарамза 9 асааҭ 15 рзы.

"Аӡӷаб лаб ишиҳәаз ала лара лхала аԥенџьыр аҟынтәи дыԥеит", — иҳәеит иара.

Гагра араион Аҩныҵҟатәи аусқәа реиҳабы Асҭамыр Хагәышь иажәақәа рыла аус аматериалқәа Гагра араион Апрокуратурахь инашьҭуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0