Аԥснынтәи МГИМО иҭало аԥышәарақәа рҭиуеит

© Sputnik Джопуа РобертАԥснынтәи МГИМО иҭало аԥышәарақәа рҭиуеит
Аԥснынтәи МГИМО иҭало аԥышәарақәа рҭиуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи абитуриентцәа МГИМО аҭаларазы аԥышәарақәа хԥа рҭиуеит, иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.

АҞӘА, лаҵарамза 12 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥснытәи абитуриентцәа МГИМО аҭаларазы аԥышәарақәа хԥа рҭиуеит, иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.

"Иахьа аурыс бызшәазы аԥышәара мҩаԥысуеит. Адиктант рыҩуеит. Атекст авариантқәа хԥа рхианы иҳаман. Бжьыҭирала руак алаҳхит", — иҳәеит Ҭаниа.

Иара иажәақәа рыла иацы имҩаԥысит абитуриентцәа рыҿцәажәара.

"Уаҵәы аԥышәара хада мҩаԥысуеит. Уи иаанаго, иалухуа афакультет ианшьаны аматематика, Урыстәыла аҭоурых уҳәа рҭиуеит. Уаҵәашьҭахь англыз бызшәазы атест иахысроуп. Зегьы ҿырҳәала акәымкәа ҩырала имҩаԥысуеит", — иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Иара иазгәеиҭеит аԥышәарақәа рышьҭахь аусумҭақәа рахкьыԥхьаақәа аҭаацәа ишырзыршо.

"Абри ала ҳара аԥышәара ишалшо ала иаартны имҩаԥаагоит. Аҭаацәа рхаҭа рылала аусумҭақәа рбарц азы ираҳҭоит", — иҳәеит Ҭаниа.

Сынтәа МГИМО аҭаларазы 18-ҩык абитуриентцәа ыҟоуп. Аԥышәарақәа реихшьаалақәа амҽыша еилкаахоит. 2009 шықәса раахыс МГИМО Аԥсны акадырқәа рзы хәба-хәба ҭыԥ аарышьҭуеит.

Иахьазы МГИМО аҟны аҵара рҵоит 41-ҩык Аԥснытәи астудентцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0